Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АКТӘИ АԤХЬАРАҾЫ «АФИНАНСТӘ НАРДКЫЛАРА (АЛИЗИНГ) АЗЫ» АЗАКӘАН АПРОЕКТ РЫДЫРКЫЛЕИТ.

Ахаша, 29 Цәыббра 2021 16:08 240

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизар-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Афинанстә нардкылареи (ализинг) азы» азакәан апроект рыдыркылеит.

Аусшәҟы адгалара мҩаԥылгеит Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада есымшатәи ихаҭарнак Саида Быҭәба.

«Ари азакәан апроект афинанстә нардкылара (ализинг) аҭышәынтәалара азинтә шьаҭақәа реиӷьтәра хықәкыс иамоуп, афинанстә нардкылара ашьаҭала аҭыжьра ахархәагақәа аинвестициақәа  ралагалара аформақәа рыҿиара, ахатәра азинқәа рыхьчара, аинвестициатә процесс алахәылацәа рзинқәа рыхьчара, аинвестициаҟаҵара аеффективра аизырҳара, уҳәа иазырхоуп», - ҳәа илҳәеит Саида Быҭәба.

Ааӡаратә нардкылара (ализинг) аусдкыларатә усура азы ахархәара зауо амазара аганахьала имҩаԥгахоит.

«Азакәан адкылара знапы алаку рзинқәа рыхьчара еиԥш, аӡаратә нардкылара (ализинг) иадҳәалоу аусура аинвестициақәа алазгало ахаҿқәа русдкыларатә шәараҭарақәа реиҵатәреи рхатәра азы азинқәа рыхьчареи алнаршоит», - ҳәа илҳәеит Саида Быҭәба.  

Адепутат Натали Смыр ахәҭакахьала аӡаратә нардкылара (ализинг) ала ирыҭазар ҟалом адгьылтә хәҭақәеи аԥсабаратә ресурсқәеи ҳәа иазгәалҭеит.  

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:51