Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҴЫХӘТӘАНТӘИ АԤХЬАРАҾЫ АКОНТРОЛ-КАССАТӘ АППАРАТҚӘА РХАРХӘАРА АЗЫ АЗАКӘАН РЫДЫРКЫЛЕИТ.

Ахаша, 29 Цәыббра 2021 16:06 229

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ахԥатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы ашәатәқәа рымҩаԥгараан аконтрол-кассатә техника ахархәара азы» азакәан апроект рыдыркылеит.

Абиуџьет азы аилак Ахантәаҩы Натали Смыр, ари азакәан аҳәынҭқарра азы акыр ихәарҭоуп ҳәа иазгәалҭеит. «Аконтрол-кассатә аппаратқәа рхархәара аекономика ашәшьыра аҵгара, иҟоу аԥареикәшара арҵабыргра, ахашәалахәқәа реилкаара азы алшара аԥнаҵоит.  Убри анаҩс иарбоу азакәан апроект  ашьҭахь ицоит даара аперспективара злоу ашәахтәқәҵара азы ирмариоу асистема азы азакәан апроект», - ҳәа илҳәеит лара.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы ашәатәқәа рымҩаԥгараан аконтрол-кассатә техника ахархәара азы» Азакәан,  хазы игоу ахәҭаҷқәа уахь иналамҵакәа, азакәанмы аиуеит ажьырныҳәамза 1, 2022 шықәса инаркны.

Иарбоу азакәан анагӡара  хықәкыс иҟаҵаны аминистрцәа Реилазаара ажьырныҳәамза 1, 2022 шықәса иахымгакәа азакәанцеиҵатә норматә шәҟынҵақәа реиқәыршәареи рышьақәырӷәӷәареи ахәҭоуп.

 

Адепутат Алеқсандр Цышба иарбоу аусшәҟәы аҿы иҟоу атехникатә гхақәак аирбеит.  

Аконтролтә Палата Ахантәаҩы Роберт Аршба азакәан азеиԥш канцепциа ишақәшаҳаҭу иҳәеит.  «Ҵабыргуп, уи атехникатә гхақәа амоуп, урҭ аҳарбеит», - ҳәа иҳәеит иара.

Ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистр Џьансыхә Нанба ашәахтәқәа рнапхгараҭара аҿы ихадоу проблеманы иҟоу ахашәалахәы аҳасабркра ауп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. «Ари арбага аҟнытә ауп ашәахтәқәа зегьы рхыԥхьаӡалара ахьалыршахо. Уи азҵаара инадҳәаланы ҳара апроблемақәа маҷымкәа иҳамоуп.  Имҩаԥысуа аилаӡарақәеи атранзакциақәеи рзы  иҟоу аинформациа онлаин-режим ала аҭара алзыршо аконтрол-кассатә аппаратқәа ралагалара иҿыцу аҩаӡара ахь анаӡара азы алшара ҳзаԥнаҵоит», - ҳәа иҳәеит иара.

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:46