Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҞӘАТӘИ АХӘЫШӘТӘЫРҬА АҲАҚЬЫМ ХАДА УРЫСТӘЫЛА АХИРУРГЦӘА XIII РЕИЗАРА ДУ ИХЫ АЛАИРХӘИТ.

Аҩаша, 28 Цәыббра 2021 16:02 180

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Абыхәба цәыббрамза 8–10 рзы Москва ақалақь имҩаԥысло Урыстәыла ахирургцәа XIII Реизара Ду ихы алаирхәит. 

Виачеслав Абыхәба абар шьҭа 20 шықәса ҵуеит Урыстәылатәи ахирургцәа реилазаара аҵабыргылатә лахәылас дыҟоуижьҭеи.  

Акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа иахҟьаны Аизара Ду аҽҳәара наскьаганы имҩаԥган.  Иара убас уи асасааирҭа «Космос», асанитартә нормақәа зегьы рықәныҟәарала ареалтә аамҭа арежим ала амҩаԥгара алыршахеит.

«Аизара Ду анаука-ԥышәатә ҩаӡара уи: Урыстәылатәи ахирургцәа реилазаара апрезидент, академик Игорь Затевахин, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра аштатнҭыҵтәи ахирург хада, акардиохирург Амиран Ревишвили, акардиохирург Сергеи Емелианов, акардиохирург Ренат Акчурин, акардиохирург Андреи Федоров, уҳәа егьырҭ еицырдыруа Урыстәылатәи Афедерациа зыхьӡ нагоу ахирургцәа ралахәхара ала иалкаахоит», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Виачеслав Абыхәба.

Апленартә еилатәара аҿы ирыԥхьеит актуалра злоу атемақәа – «Урыстәылатәи Афедерациа аҿы ахирургиатә цхыраара аиҿкаара», «Урыстәыла аендоскопиатә хирургиа ҳаамҭазтәи ҭагылазаашьа», «Урыстәылатәи Афедерациа аҿы агәы-шьадатә хирургиа аҿиара аперспективақәа», «Урыстәыла иааиԥмырҟьаӡакәа амедицинатә ҵарадырра асистема аҿиара», «Ацхыраара ласы ахирургиа –алабҿабара (ареалра), аҩашьара, азыԥшрақәа», «Аонкологиа аҿиара аҿы зҽызыԥсахуа ахирургиа ароль», «Ахырхарҭа рацәа иақәшәо аклиника ақалақь ду аҿы  ахирургиатә цхыраара амаҵзура аҿиара аплацдарм аҳасабала», «Ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рҿы ахирургиатә цхыраара ашәарҭадара аиқәыршәара», уҳәа рыла иарбоу аусхкы аҿы зыхьӡ нагоу аспециалистцәа ражәахәқәа.

Аусмҩаԥгатә аҿы акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа аҭагылазаашьа аҟны ахирургцәа русура азҵаарақәеи, иара убас азеиԥш ковид-ҟәшақәа раҳасабала аформа ҿыц зауз ахирургиатә ҟәшақәа русуреи ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан.

«Апрограмматә ажәақәқәа рнаҩсгьы апланла иазԥхьагәаҭоу еиԥш, аекстремалтә хирургиатә цхыраара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла асекциатә ажәахәқәагьы ирзыӡырҩит. Урҭ зегьы анаукатә адагьы апрактикатә интересгьы аҵоуп», - ҳәа иҳәеит Виачеслав Абыхәба.  

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:35