Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АХАШӘАЛАХӘҚӘА РЫШӘҞӘҬАГАЛАРА АЗЫ АЗАКӘАН АНАГӠАРА ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ.

Аԥшьаша, 23 Цәыббра 2021 17:42 189

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб «Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалахәқәа, рныхтәқәа, рмазара, амазаратә ҟазшьа змоу рҭакԥхықәрақәеи рышәҟәҭагалара азы» Азакәан анагӡара азҵаарақәа ирызкыз     аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аиԥылара рхы аладырхәит  аԥыза-министр ихаҭыԥуаа, ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы аминистр,  аминистрцәа Реилазаара Аппарат анапхгаҩы.

Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла,  ҷыдала иаԥҵаз апрограмма адыррақәа ианаамҭоу иаларгалеит 1438-ҩык адекларантцәа. 351 еиҿкаара адекларантцәа рзы адыррақәа аларымгалаӡеит.

Цәыббрамза  1, 2021 шықәса инаркны апрограмма ацҵақәеи аиҭакрақәеи рҟынӡа анаӡара азакәантә нормақәа инарықәыршәаны иаркуп.

Ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы Аминистрра адекларациақәа рыдкылара мҩаԥнагон, аха алаҳәара азы алшара ахылаԥшырҭа уаҳа иамаӡам.

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ихаҭыԥуаҩцәа аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәа алархәны ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы Аминистрра ахь адекларациақәа рынашьҭра иазку апроцесс ахыркәшара азы аилыркааратә усура анагӡара азы анапынҵақәа рыҭеит. 

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:08