Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

2021 ШЫҚӘСА АЛАГАРА ИНАРКНЫ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ ИРЫБЖЬОУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲӘАА ИАХЫСИТ ЖӘ-МИЛЛИОН-ҨЫК ИНАРЗЫНАԤШУА АУААԤСЫРА.

Аԥшьаша, 23 Цәыббра 2021 17:39 198

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Ҳазҭоу ашықәс алагара инаркны Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҩганк рыла иахысит жә-миллион-ҩык инареиҳаны ауааԥсыреи ҩ-миллионк инарзынаԥшуа  атранспорттә хархәагақәеи.   Иҳаҩсхьоу ашықәсқәа ирҿырԥшны аԥхынтәи аамҭахәҭақәа рзы аҳәаа иахысуаз ауаа рхыԥхьаӡара ԥшьынтә иазҳаит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Краснодартәи атәылаҿацә ала Аҳәахьчаратә Усбарҭа.

«Аԥсны аҳәаа аҿы апассаџьыртә трафик уахаки-ҽнаки рыла 49 нызықь-ҩык рҟынӡа инаӡоит, атранспорттә хархәагақәа ракәзар -  9,5 нызықь рҟынӡа инаӡоит. Зынӡа  2021-тәи ашықәс алагара инаркны аҳәаа иахыҵхьеит 9 миллион-ҩык инареиҳаны ауааԥсыреи 1,9-миллионк инарзынаԥшуа атранспорттә хархәагақәеи»,- ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәаахьчаратә Усбарҭа апресс-маҵзура.

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:06