Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АТӘЫЛА АНАПХГАРА АИБАШЬРА АҾЫ ИҬАХАЗ ҲАҬЫРЛА ИРГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.

Ашәахьа, 27 Цәыббра 2021 15:20 180

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2021. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра ҟалеижьҭеи 28 шықәса аҵра амш азгәарҭоит. 

Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Аибашьра зхы ақәызҵаз афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц азы арахь имҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ақалақь ауааԥсыра, аветеранцәа, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи.

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:31