Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА АԤСНЫ ЖӘЛАР АҞӘА АҚАЛАҚЬ ҚЫРҬТӘЫЛА АҲӘЫНҬСОВЕТ АРХӘҬАҚӘА РҞЫНТӘИ АХЫ ИАҚӘИҬТӘХЕИЖЬҬЕИ 28 ШЫҚӘСА АҴРА АМШ РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Ашәахьа, 27 Цәыббра 2021 15:15 210

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аҟәа ақалақь  Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рыҟнытә ахы иақәиҭтәхеижьҭеи 28 шықәса аҵра амш рыдиныҳәалеит.

«Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!

Ишәыдысныҳәалоит ҳаҳҭнықалақь Аҟәа Қырҭтәылатәи аҳәынҭсовет аҟынтә ахы иақәиҭтәуижьҭеи 28 шықәса аҵра амш. 1993 шықәсазы цәыббрамза 27 аҽны акыр аԥсҭбарақәа ахҭынҵаны ақәылаҩ куакьцыԥхьаӡа импыҵхуа, ажәыларақәа ианрылага рнаҩс 11 мшы ааҵуанеиԥш, ҳара ҳархәҭақәа Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахы  иақәиҭыртәит, Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит. 

Ари ахҭыс ду иахылҿиааит Аԥсны аҵакырадгьыл зегьы аҟны Аиааира ҳтәыла зегьы ахақәиҭтәразы ихацыркыз ажәылара, аиааиралагьы ихыркәшахаз.

Абри аҽны иаанкылан ижәытәӡоу  ҳҭоурыхтә баҟақәеи, архивқәеи, амузеиқәеи  рықәхра, ҳажәлар адунеи аныхреи ҳҭоурых аицакразы иҟаҵаз аҽазышәарақәеи.

Гәык-ԥсык ала иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә  еибашьра аветеранцәа, ирыдысныҳәалоит ҳаҳҭнықалақь ауааԥсыра зегьы Аҟәа ахақәиҭтәра амш.

Ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, анасыԥ, аизҳазыӷьара!»

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:32