Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Аслан Бжьаниа аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьаразы Аусҧҟақәа инапы рыҵаиҩит

Аҩаша, 25 Нанҳәа 2020 17:26 556

Аҟәа. Нанҳәамза 25 2020 ш. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьаразы Аусҧҟақәа инапы рыҵаиҩит. 

Аҧсны амузыктә ҟазара аҿиара аҿы ллагала азы, Р.Д.Гәынба ихьӡ зху аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистка  Аҩӡба Гәылиза Хәыҭа-иҧҳа, “Ареспублика Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист” ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьоуп.

А.Чичба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа адиректор Бжьаниа Нинель Борис-иҧҳа, иҳараку анагӡаратә ҟазареи, Аҧсны амузыкатә культуреи аҟазареи рыҿиара аҿы ллагала дууи рзы, “Ареспублика Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист” ҳәа   аҳаҭыртә хьӡы ланашьоуп.

Ареспублика Аҧсны аҳәынҭқарратә камертә оркестр анапхгаҩы, адирижиор хада Терзиан Давид Вагеи-иҧа, амузыкатә культуреи аҟазареи рыҿиара аҿы илагала ду азы “Ареспублика Аҧсы зҽаҧсазтәыз артист” ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьоуп.