Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Аслан Бжьаниа аҵак ду змоу хҭысуп ҳәа иҧхьаӡоит Аҧсны атәылахьчара аминистрра акоманда Москва имҩаҧысуа Жәларрыбжьаратәи арратә хәмаррақәа 2020 ралахәра

Ашәахьа, 24 Нанҳәа 2020 17:04 453

Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2020 ш. Аҧсныперсс.  Аҧсны Ахада, арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Аслан Бжьаниа аҵак ду змоу хҭысуп ҳәа иҧхьаӡоит Аҧсны атәылахьчара аминистрра акоманда Москва имҩаҧысуа Жәларрыбжьаратәи арратә хәмаррақәа 2020 ралахәра.

“Сара сазҿлымҳауп аицлабрақәа рымҩаҧысшьа, срызгәдууп ҳаруаа иаадырҧшуа ақәҿиарақәа. Урҭ Аҧсны ахьӡ ҳаракны иркыуп”,-азгәеиҭеит Аҧсны Ахада.

“Ирыдысныҳәалоит аекипаж алахәцәа, атәылахьчара аминистрра анапхгара, Аҧсны жәлар зегьы иахьа атанктә биатлон аицлабраҿы ҳаруаа иргаз аиааира, урҭ иаадырҧшит апрофессионалтә зыҟаҵара бзиа ”,-иҳәеит Аслан Бжьаниа. 

Аҧсны Ахада  иажәақәа рыла 90 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа злахәу аицлабрақәа Аҧсны аруаа ралахәра хымҧада ҳҳәынҭҕарра жәларрыбжьаратәи аҳаҭыр шьҭызхуа хҭысуп. Аслан Бжьаниа ҭабуп ҳәа иаиҳәоит Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистр, ар реинрал Сергеи Шоигу ҳаруаа ааҧхьара ахьриҭази, Аҧснытәи аделагациа ирзеиҿкааз адкыларазы.

 

Last modified on Ашәахьа, 24 Нанҳәа 2020 17:08