Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АҴАРАШЫҚӘС ЦӘЫББРАМЗА 1 ИНАРКНЫ ИАЛАГОИТ

Ахаша, 25 Нанҳәа 2021 13:17 213

Аҟәа. Нанҳәамза 25, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны аҵарашықәс алагоит цәыббраза 1 азы. Абри азы ажурналистцәа рзы еиҿкааз абрифинг аҿы адырра ҟаиҵеит атәыла аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа.

Уи иажәақәа рыла, ас еиԥш аӡбамҭа атәыла Анапхгара, агәабзиарахьчара Аминистрра, асанитар-епидемиологиатә Маҵзура алархәны ирыдыркылеит.

«Иахьа ҳара атәыла Анапхгареи агәабзиарахьчара Аминистрреи алархәны аилатәара мҩаԥаагеит, ҳанеилацәажәа ашьҭахь, аҳақьымцәа рҟынтәи иҳауз ақәшаҳаҭрала сынтәа аҵарашықәс цәыббрамза 1 азы алагара азы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит. Ҳара убри инамаданы атәыла асанитартә ҳақьым хада лабжьгарақәа  рыла аԥкрақәа зегьы ҳасаб рзуны аҵарашықәс алагара азы аусшәҟәы еиқәҳаршәеит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит аҵарадырра аминистр.

«Сынтәа ҳара азин ҳауит аклассқәа шыҟаз еиԥш ааныжьразы. Убри аан ҳара ҳақәгәыӷуеит аҭаацәа иҟоу аҭагылазаашьа еилкааны ахәыҷқәа доусы рынхарҭаҭыԥқәа рааигәара, мамзаргьы ахәыҷқәа еиҳа иахьмаҷу ашколқәа рахь рыиагарала аклассқәа ирықәу ақәыӷәӷәара армачра иацхраап ҳәа. Уи зегьы раԥхьаӡа иргыланы ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи, иара убас арҵаҩцәеи ргәабзиара ахьчара иацхраауеит», - ҳәа иҳәеит Инал Габлиа.

Аҵарадырреи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа арҵаҩцәа зегьы акоронавирустә ҿкы чымазара аҟынтәи авакцина аҟаҵара рабжьеигеит. «Агәабзиарахьчара Аминистрра арҵаҩцәа рзы аквота азоужьра иазхиоуп», -ҳәа иҳәеит иара.

Аминистр иара убас ашколқәа рҿы амассатә умҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы азин шыҟамло инаҵшьны иазгәеиҭеит.

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 16:40