Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АХӘААХӘҬРАТӘ ҨНЫ «АҞӘА-ЧЕБОКСАРЫ» ААРТРА АЗԤХЬАГӘАҬОУП

Ахаша, 25 Нанҳәа 2021 10:14 203

Аҟәа. Нанҳәамза 25, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь аҿы иаадыртыр алшоит ахәаахәҭратә ҩны. Араҟа аахәаҩцәа ирыдгалахоит Чувашиатәи иреиҳау анаплакқәа иҭрыжьуа аалыҵқәа. 

«Вести Чувашиа» иҟанаҵо адыррақәа рыла, нанҳәамза 24 рзы Чебоксары ахаҭарнакцәеи аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи Аԥснытәи рколлегацәеи  ахәаахәҭра-економикатә усеицура азҵаара иалацәажәеит.  

Аусеицура раԥхьаӡа иргыланы афымцамчтә кластер аҿиареи аӡыргареи иазырхахоит. Апандемиа иахҟьаны, уи макьаназы  аусеицуразы ззин ыҟоу ахырхарҭақәа ируакуп, ҳәа иазгәарҭеит аилатәара аҿы.

Аԥсны «ЧЭАЗ», «ЭКР», «ЭЛАР», «Чувашкабель» реиԥш иҟоу арегион анаплак дуқәа иҭрыжьуа аиқәыршәагақәеи афатә-аалыҵтә ааглыхра аалыҵқәеи  рганахьала   имаҷымкәа азҿлымҳара аадырԥшуеит.

«Ҳара ҳганахьала Чебоксри Аԥсни рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә усеицура аганахьала раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟаҵоуп.  Ҳара амаҷ ала ҳалагеит- ақалақьтә нхамҩа амаҵзура азы азауад «ЧЕТРА» аҿы 2 аидарамҩангагатә машьынақәа аҿаҳҵеит. Ааигәа урҭ араҟа иҟалоит. Убри аҟнытә ҳара аусеицура ҳазхиоуп. Уи зегьы рааста идуу аҿаҵа акәымзаргьы ҟалап, аха уи зегьы аус шауа аилкаара азы ҳара амаҷ ала алагалара ҳгәы иҭаҳкит, анаҩс ҳусеицура аҳәаақәа ҳарҭбаалоит, - ҳәа иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа.

«Ҳара уажәы афымцатехникатә кластер аалыҵ адунеи 30 тәыла рахь анашьҭра алҳаршоит. Убри аан, аҿиарамҩа ҳануп, аимадара ҿыцқәа рыбжьаҵара ҳазхиоуп. Шәареи ҳареи ҳусеицура ҳара ҳзы акырӡа аҵанакуеит. Ҳгәыӷуеит аринахысгьы акырӡа зҵазкуа апроектқәа рынагӡара шҳалҳарҳо», - ҳәа иҳәеит  Чебоксартәи ақалақьтә Еизара адепутат, аекономикатә политикеи аинвестициақәеи рзы есымша аус зуа акомиссиа ахантәаҩы Максим Ладилов.

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 16:36