Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

УРЫСТӘЫЛАТӘИ АРРАТӘ МОБИЛТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА COVID-19 ЗЛАҼЫЗ АПАЦИЕНТЦӘА РЫХӘШӘТӘРАЗЫ АԤСНЫҞА ИААИТ.

Ахаша, 18 Нанҳәа 2021 10:03 298

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи Арратә Округ иатәу афункциарацәа назыгӡо арратә мобилтә хәышәтәырҭа аруаа акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз Аԥсны ауааԥсыра рыхәшәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы нанҳәмза 17 ауха Аԥснынӡа инаӡеит.  Ахәышәтәырҭа уаанӡа еиԥш уажәгьы Аҟәатәи апансионат «Аиҭар» аҵакыра аҿы аус аулоит.

Иахьа, нанҳәамза 18, асааҭ 09:00 инаркны амобилтә хәышәтәырҭа аатра – амшьамбақәеи амедицинатә еиқәыршәагақәеи   рышьақәыргылара иалагоит.

Ҩымш ирылагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи Арратә Округ иатәу афункциарацәа назыгӡо арратә мобилтә хәышәтәырҭа автомобилтә колонна Аладатәи арратә округ иатәу амобилтә хәышәтәырҭа  аруаа Ставрополтәи  атәылаҿацә  Будионовск ақалақь аҟынтәи Аԥсны аҳҭнықалақь аҟынӡа 800 километрак рҟынӡа инаӡо амҩа иқәлеит. Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра  иатәу афункциарацәа назыгӡо арратә мобилтә хәышәтәырҭа 100-шьҭаларҭа-ҭыԥқәеи, иара убас ҳаамҭа иақәшәо амедицинатә еиқәыршәагақәеи ихымԥадатәиу ахәшәқәеи рыла  еиқәыршәоуп. Уи акоронавирусттә ҿкы чымазара злаҽыз ауаа рыстационартә хәышәтәра иазкуп. Амшьамбақәа рҿы адкыларатә ҟәша, алабораториа,  арентген-кабинет ыҟоуп.

Ахәышәтәра-диагностикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы ахәышәтәырҭа арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауеиҭныԥсахлара аппаратқәа, апациентцәа рҭагылазаашьа интенсивла ахылаԥшра азы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа агәаҭара азы ахархәагақәа, уҳәа  рыла еиқәыршәоуп.

Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра Аладатәи Арратә Округ апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аԥсны атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭара Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра ахь  иҟанаҵаз аҳәарала, Урыстәылатәи Афедерациа атәылхьчара аминистр, ар аинрал Сергеи Шоигу иӡбамҭа инақәыршәаны, акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз Аԥсны ауааԥсыра рыхәшәтәраҿы ацхыраара аҟаҵара азы  Урыстәылантәи Аԥсныҟа идәықәҵахеит афункциарацәа назыгӡо арратә мобилтә хәышәтәырҭа.

Аладатәи Арратә Округ амедицинатә отриад арратә ҳақьымцәа уажәаԥхьагьы, жьҭаарамза  20, 2020 шықәса инаркны хәажәкырамза  2021 шықәсанӡа Аԥсны ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара иазкыз ауснагӡатәқәа мҩаԥыргон. Русура аамҭа иалагӡаны, урыстәылатәи арратә ҳақьымцәа ацхыраара рырҭеит 3,7 нызықь ҩык инарзынаԥшуа ҳреспублика ауааԥсыра. Адәытә хәышәтәырҭа алабораториақәа рҿы имҩаԥган 18 нызықь инареиҳаны еиуеиԥшым аклиникатә ҭҵаарақәа,  5,3 нызықь инареиҳаны  ПЦР тестқәа, 2-нызықь инареиҳаны агәышԥытә ренгенограммақәа.

 

Last modified on Аԥшьаша, 19 Нанҳәа 2021 12:14