Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ШӘАГААЛА ИДУУ АНАРКОТИКАТӘ МАҬӘАШЬАРҚӘА АԤСНЫҞА РААГАРА АИҾКААРА АЗЫ ИГӘҨАРОУ АУАҨЫ ИААНКЫЛАРА АЛЫРШАХЕИТ.

Аҩаша, 17 Нанҳәа 2021 17:13 259

Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 11  рзы Аԥсны аҳәынҭқарртә шәарҭадара Амаҵзуреи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра азы ахылаԥшра азы Аусбарҭеи роперативтә ҟәшеиҵақәа русзуҩцәа аӡиас Ԥсоу ала иҟоу аҳәынҭқарратә ҳәаа иаҵанакуа аушьҭра-гәаҭаратә Ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аҿы даанкылан Урыстәылантәи Аԥсныҟа шәагаала идуу анаркотикатә маҭәашьар аагара аҿы игәҩароу   Аԥсны атәылауаҩ, 1965 шықәса рзы ииз Шьынқәба Витали Шамил-иԥа, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.

Иҟоу адыррақәа рыла, хаҭалатәи агәаҭараан Витали Шьынқәба идбалан,  иагьимхын ззеиԥш капан 2,439 грамм аҟынӡа инаӡо анаркотикатә маҭәашьар «методон».

Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусеилыргаратә ҟәша нанҳәамза 12, 2021 шықәса рзы Шьынқәба Витали Шамил-иԥа иганахьала   Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  2241 ахәҭа 2«а», ахәҭаҷ     223, ахәҭа 2 (Анаркотикатә, арҩышьыгатә, мамзаргьы аиԥш-зеиԥшу апсихотроптә хархәагақәа изакәанымкәа раахәара, рыҵәахра, рыҭира, мамзаргьы шәагаала идуу апартиақәа рыла изакәанымкәа реиҭарсра) инарықәыршәаны аусеилыргара хацыркуп.

 

Last modified on Аҩаша, 17 Нанҳәа 2021 17:16