Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АТӘЫЛАХЬЧАРА АКОМАНДА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АИЦЛАБРАҚӘА «ЕЛЬБРУСТӘИ АМАЦӘАЗ» АҼАЗЫҞАҴАРА ИАЛАГЕИТ.

Аҩаша, 17 Нанҳәа 2021 17:12 329

Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. 2021 шықәсазтәи Арратә хәмаррақәа рконкурс «Ельбрустәи амацәаз» жәларбжьаратәи аетап алахәхаразы Ельбрус азааигәатәи ашьхара аԥсеиқәхаразы аҽазыҟаҵаратә Центр «Терскол» ахь инеит Урыстәыла, Китаи, Пакисҭан, Ҟазахсҭан, Ермантәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Узбекисҭан, Индиа рҟынтәи арратә шьхахалаҩцәа ркомандақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәыла Аладатәи Арратә Округ апресс-маҵзура.  

Атәыла-алахәылацәа ргимнқәа арҳәарала ишьҭыхын аҳәынҭқарратә бираҟқәа, аруаа аныҳәатә шьаҿеиқәшәарала ииасит. Аконкурс актәи аетап аҿы уи алахәылацәа  абаза «Терскол» аобиектқәа рҿы иԥсабаратәым ацаҟьатә релиеф ахалареи албаареи, иара убас ашьхара ахырхарҭа аԥшаареи уахьцо-уахьаауа ақәшәареи реиԥш иҟоу иҷыдоу ахыдҵақәа нарыгӡар акәхоит. «Ельбрустәи амацәаз» ахысраан еиуеиԥшым абҩарҵәыратә ҽаршьцыларақәа нагӡахоит, апарашиут ала аԥара, ацаҟьатәии ихҵаалоуи аԥынгылақәа рахысра, зынҟьара ахысра, ахәра зауз ииагара – иааизакны 14 инарзынаԥшуа ахыдҵақәа, урҭ рахьынтә зегьы раасҭа иуадаҩу  акакәны иԥхьаӡоуп ашьха Елбрус ахалара.

Адәҳәыԥш Азау аҟынтәи (аҳаракыра 2,3нызықь метра аҟынӡа инаӡоит) шьапыла, рырратә зынеиқәыршәара нагӡаны (30 кьыла абџьари аџьаԥҳани ацны) аруаа «Жәеизаҩык рыԥхьарҭа» ахь амҩа иқәлоит (аҳаракыра 4,2 нызықь метра аҟынӡа инаӡоит), уи аамышьҭахь ашьха Ельбрус ахалара рҽазыршәоит (аҳаракыра амшын аҩаӡара ахыхь 5642 метра аҟынӡа инаӡоит).

Аԥсны атәылахьчара Аминистрра акоманда Арратә жәларбжьаратәи ахәмаррақәа – 2021 аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахо жәларбжьаратәи аицлабрақәа «Ельбрустәи амацәаз» алахәхара азы аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны атәхылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Иара убас Москва амҵантәи апарк «Патриот»  аҿы Арратә жәларбжьаратәи ахәмаррақәа – 2021 аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахо аконкурс «Атанктә биатлон» акоманда-алахәылацәа рыцәҭаԥсара мҩаԥысит. Раԥхьаӡа акәны ацәҭаԥсара мҩаԥысуан ҩаԥхьа иаартыз амузеи «АрМИ» аҿы. Араҟа еизгоуп иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы имҩаԥгаз аиндаҭларақәа ирызку инарҭбаау аекспозициа.

Ацәҭаԥсара рхы аладырхәит 19 тәыла рҟынтәи акоманда-лахәылацәа рхаҭарнакцәа. 2020 шықәсазы рықәгыларақәа реихшьаалақәа рыла,  2021 шықәсазы аицлабрақәа рылахәхаразы иқәгылоу еизгоу акомандақәа ҩ-дивизионк рыла еихшан. Актәи адивизион иалалеит Азербаиџьан, Беларусиа, Венесуела, Виетнам, Ҟазахсҭан, Китаи, Монголиа, Урыстәыла, Сербиа, Шьамтәыла, Узбекисҭан рҟынтәи 11 команда. Аҩбатәи адивизион иалалеит Аԥсны, Катара, Киргизиа, Лаос, Миианм, Ҭадџьыкьысҭана, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи акомандақәа.

Актәи адивизион ацәҭаԥсара аихшьаалақәа рыла «Аиндивидуалтә еиԥхныҩлара»  аҿы атанк иаҵәақәа рыла ааира аҿы иқәгылараны иҟоуп  Азербаиџьани Шьамтәылеи рҟынтәи еизгоу акомандақәа,    атанк ҟаԥшьқәа рыла – Китаи, Виетнам, Сербиа еизгоу акомандақәа,  ишьацԥштәылоу атанкқәа рыла еицлаблоит Урыстәыла, Ҟазахсҭан, Венесуела еизгоу акомандақәа, атанк ҩежьқәа рыла — Беларусиеи  Узбекисҭани еизгоу акомандақәа.

Аҩбатәи адивизион аҿы аиаҵәа танкқәа рыла иқәгылараны иҟоуп Аԥсни Малии еизгоу акомандақәа, атанк ҩежьқәа рыла – Киргизиеи Аахыҵ Уаԥстәылеи еизгоу акомандақәа,  атанк ҟаԥшьқәа рыла – Лаоси Катари еизгоу акомандақәа, ишьацԥштәылоу атанкқәа рыла – Тадџьикисҭани Миианми еизгоу акомандақәа.

 

 

Last modified on Аҩаша, 17 Нанҳәа 2021 17:17