Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АХАДАРА АУААԤСЫРА РАХЬ МАССАЛА АУАА АХЬЕИЗО АҬЫԤҚӘА РҬААРА МАП АЦӘЫРКЫРЦ АЗЫ ААԤХЬАРА ҞАНАҴОИТ.

Ахәаша, 13 Нанҳәа 2021 12:40 161

Аҟәа. Нанҳәамза 13, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аҿы ишьақәгылаз иуадаҩу асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа инамаданы, Аҟәа ақалақь Ахадара ауааԥсыра рахь массала ауаа ахьеизо аҭыԥқәа рҭаара мап ацәыркырц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.

«Нанҳәамза 14 – Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара Амш ауп.  Дарбанызаалак Аԥсны атәылауаҩ зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ахьчаҩцәа ҳаҭырла игәалаиршәоит. Ари амш аҽны Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит, амемориалтә ҭыԥқәа ирҭаауеит. Ҳара ҳфырхацәа ҳтәыла аԥеиԥш лаша рхы ақәырҵеит, Аԥсны ажәлар аҭынчреи аҭышәынтәалеи рымазарц, ахәыҷқәеи урҭ реиҳабацәеи агәабзиареи аизҳазыӷьареи роурц азы  рхы иамеигӡеит. 

Сынтәа, атәыла аҿы ишьақәгылаз асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩ инамаданы, Аҟәа ақалақь Ахадара ауааԥсыра  рахь ауаа массала иахьеизо аҭыԥқәа рҭаара мап ацәыркларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит. 

Аибашьцәа ҳаҭырла иреиӷьу ргәалашәара – ашәарҭарақәа зегьы рацәыхьчареи аизҳазыӷьареи роуп», - ҳәа иазгәаҭоуп ааԥхьара атекст аҟны.

Нанҳәамза 14, 1992 шықәса рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа Аԥсны иалалеит, иалагеит 1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра.  

 

 

Last modified on Аҩаша, 17 Нанҳәа 2021 12:18