Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА МУССА ЕГЗАКЬ ИИРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Ахәаша, 13 Нанҳәа 2021 12:02 161

Аҟәа. Нанҳәамза 13, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Мусса Егзакь Иира Амш идиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Мусса Ҳабал-иԥа!

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәира Амш.

Ахә ашьара уадаҩуп аԥсуа-абаза хылҵшьҭрақәа реидкылара аус аҟны, аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәараҟны.

Ҳаҭыр ду зықәҵатәу акоуп Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар Рконгресс ахада имаҵзураҟны ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа, абаҩхатәра злоу аҿар адгылара рыҭаразы, амилаҭтә наукеи акультуреи рыҿиара иазкыз апроектқәа рынагӡаразы Шәара имҩаԥыжәгоз аусура.

Шәира Амш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, шәнапы злаку аус ду аҟны аихьӡарақәа».

Last modified on Аҩаша, 17 Нанҳәа 2021 12:18