Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИААНКЫЛАЗ ВАХТАНГ САНГӘЛИА АЏЬАԤҲАНИ АРҬҞӘАЦГАҚӘЕИ ИЗАКӘАНЫМКӘА РЫҴӘАХРА АЗЫ ДЫГӘҨАРОУП.

Ахәаша, 13 Нанҳәа 2021 12:00 176

Аҟәа. Нанҳәамза 13, 2021 шықәса.  Аԥсныпресс.   Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа ироуз аоперативтә информациа ахархәарала инарыгӡаз ауснагӡатәқәа ирыбзоураны даанкылан Ҭҟәарчал араион Галхәыҷ ақыҭа аҿы инхо Сангәлиа Вахтанг Рамин-иԥа.

1962 шықәса рзы ииз Сангәлиа Вахтанг Рамин-иԥа дахьынхо аҭыԥ аҿы агәаҭарақәа рымҩаԥгара ашьҭахь, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа  зыхҭаларшә 7,62 мм  аҟынӡа инаӡо 23 патрони анапытә граната  РГД-5 идырбалеит. 

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иҟанаҵо аинформациа ала, Сангәлиа Вахтанг 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан Галтәи амилициа аҿы аус иуан, Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа ацхыраара риҭон.

Сангәлиа  Вахтанг Рамин-иԥа  иганахьала аматериалқәа Ҭҟәарчал араион Апрокуратура ахь идәықәҵоуп.

Иаанкылоу Сангәлиа Вахтанг Рамин-иԥа Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аамҭалатәи аԥхьакырҭа ахь днагоуп.