Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРЕИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АСАНИТАР-ЕПИДЕМИОЛОГИАТӘ МАҴЗУРЕИ АХӘЫҶТӘЫ ХӘЫШӘТӘЫРҬА ҾЫЦ АХЬЫҞАЛО АҬЫԤ АЗЫ АЛКАА ЕИҚӘДЫРШӘОИТ.

Ахәаша, 13 Нанҳәа 2021 13:59 134

Аҟәа. Нанҳәамза 13, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҵакыраҿы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара азы Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны иргылахо иҿыцу ахәыҷтәы хәышәтәырҭа азы иазалххо аҭыԥ иахәаԥшит.

Аминистрцәа ирыцын атәыла асанитартә ҳақьым Хада Лиудмила Скорик, ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым Хада Игорь Џьопуа, шьаҭанкылатәи аргыларазы Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба.

Аҭыԥ аҿы ианеилацәажәа ашьҭахь, агәабзиарахьчара Аминистрра, аекономика Аминистрра, шьаҭанкылатәи аргыларазы Аусбарҭа анапхгаҩцәа Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрреи аҳәынҭқарратә асанитар-епидемиологиатә Маҵзуреи иашьашәалоу алкаа анеиқәдыршәалак ашьҭахь  Ареспубликатә хәышәтәырҭа иахьаҵанакуа аргыларазы заанаҵтәи аӡбамҭа рыдыркылеит ҳәа иаанацҳауеит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.