Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА АҞЫНТӘИ АЛАҴА АКТӘИ АЕТАП ДАХЫСИТ.

Аԥшьаша, 24 Рашәара 2021 17:00 339

Аҟәа. Рашәарамза 24, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб рашәарамза 24 рзы акоронавирустә ҿкы чымазара  COVID-19 аҟынтәи  урыстәылатәи авакцина «Спутник- V» актәи аетап дахысит, ҳәа иаанацҳауеит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура. 

Авакцинациа апунктқәа раартра инаркны аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа авакцинациа ахысра иалагеит, Џьоукы аҩбатәи аетапгьы иахысхьеит. Авакцинациа иахысыз рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иара убас атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, аиустициа аминистр Анри Барцыц, акультура аминистр Гәыдиса Агрба. Авакцина «Спутник-V» актәи апартиа жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны мшаԥымза 30, 2021 шықәсазы Аԥсныҟа иааган.   

 

Last modified on Ахәаша, 02 Ԥхынгәы 2021 17:02