Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ ԤЫХЬАТӘИ АХАДА ИХАҬЫԤУАҨ ВИТАЛИ ГАБНИА ИМАШЬЫНА АМЦА АЦРАҴАРА АҾЫ ИГӘҨАРОУ ДААНКЫЛОУП.

Ахаша, 23 Рашәара 2021 16:59 338

Аҟәа. Рашәарамза 23, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аполитикатә партиа «Аԥсны» ахантәаҩы, ԥыхьатәи Аҳәынҭқарра Ахада Витали Габниа имашьына амца ацраҵара аҿы игәҩароу иаанкылара алыршахеит.

Абри азы Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рассоциациа аҿы имҩаԥигаз апресс-конференциа аҿы адырра ҟаиҵеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар. «Уахыки-ҽнаки рыла аоперативтә еилазаара иарбоу ацәгьоура аус адулара иаҿын, уи аартра алыршахеит.

Уи азы официалла адырра аҟаҵара сылшоит. Уажәы автомашьына амца ацразҵаз ауаҩы даанкылоуп. Уи Дмитри Аргәын иоуп. Иара амилициа аҿы дыҟоуп аҿақәшаҳаҭхаратә дыррақәа риҭоит», - ҳәа иҳәеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар.

Рашәарамза 22 ашырԥазы, 3 сааҭки 45 минуҭи инарзынаԥшуа еиԥш, зхаҭара шьақәыргылам џьоукы аполитикатә Партиа «Аԥсны» ахантәаҩы, ԥыхьатәи Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа иавтомашьына амца ацрарҵеит. Амашьына амца ацраҵара ҟалеит Леон имҩаду 15/43 ала игылоу Витали Габниа дахьынхо иҩны ашҭаҿы. Амашьына амца анацрарҵоз аамҭазы имҩаԥысуаз авидеонаԥшра иҟалаз ахҭыс аннаҵеит.