Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА АМИЛАҬ БИБЛИОТЕКА 100-ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИНАДҲӘАЛАНЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАИҴЕТ

Ашәахьа, 29 Хәажәкыр 2021 12:32 617

Аҟәа. Хәажәкыра 29. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Амилаҭ библиотека 100-шықәса ахыҵра инадҳәаланы адныҳәалара ҟаиҵет. Адныҳәалара иаҳәоит:

“Ҳаҭыр зқәу Аҧсны амилаҭтә библиотека аусзуҩца!

Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи амилаҭтә библиотека 100 шықәса ахыҵра. Ари хҭыс дууп ҳажәлар зегь рзы. Амилаҭтә библиотека ҳажәлар гәадурас ирымоу акультуратә хәышҭаарақәа ираукуп.   Иара иамоуп аҭоурых ду.  Иаартын Аҧсны асовет мчра анышьақәгыла март мза 1921 шықәса рзы. Уи иаҳнарбоит Аҧсуа ҳәынҭқарра еиҭашьақәзыргылаз анапхгаҩцәа ажәлар аҵарадырра рыларҵәара аус зегь раҧхьа ишдыргылоз.

Амилаҭтә библиотека иааӡеит ҳҳәар ҳалшоит хмилаҭә литература ӡырызгоз ҳашәҟәыыҩцәа хьӡырҳәагақәа, ҳҵарауаа дуқәа.

Иахьа аелектронтә мыругақәа аҧыжәара анрымоу аамҭазы, ашәҟәыҧхьарҭақәагьы аусура азнеишьа рыҧсахуеит. Агәра ганы сыҟоуп шәара ишшәылшо ҳаамҭа иақәшәо аҿыцрақәа ралагалараҿы ақәҿиарақәа раарҧшра. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы шәгәы камыжькәан, ауадаҩрақәа шәыриааины, иахьшәылшаз ҳмилаҭтә культура ахәышҭаара ду аиқәырхара.

Иахьатәи аныҳәа аҽны ишәзеиҕьысшьоит агәабзиара, аманшәалара, шәныпы злаку иҧшьоу аусаҿы аихьӡарақәа”.

 

 

 

 

 

 

 

 

Last modified on Ашәахьа, 29 Хәажәкыр 2021 12:35