Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АХАДА АԤСНЫ АМАССАТӘ ИНФОРМАЦИА АХАРХӘАГАҚӘА РУСЗУҨЦӘА РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ

Асабша, 27 Жәабран 2021 10:52 784

Аҟәа. Жәабран 27, 2021. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны атекст аҟны иҳәоуп:

«Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа зегьы гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзаанаҭтә ныҳәа.

  Ари  амш азгәаҭара иазку арыцхә ҳажәлар рзы аҵак ду амоуп.  1919 шықәса жәабранмза 27 рзы раҧхьатәи аҧсуа газеҭ “Аҧсны” аҭыҵра ахҭыс аҧсуа жәлар рҭоурых даҟьа ҿыцны ианылеит.

Амилаҭтә кьыҧхьи, ателехәаҧшреи, арадиои  еснагь ҳажәлар ирҿахәҳәаганы иҟан.

Ахә ашьара уадаҩуп Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар хацәнмырха иззықәҧоз аиаша адунеи аларҵәараҟны аҧсуа журналистцәа рылшамҭақәа. Хашҭра рықәым ҳаҧсадгьыл ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа.

Адемократиатә ҿиара амҩа ылызхыз ҳҳәынҭқарра азы аҵак ду амоуп ажәа ахақәиҭра, аҵабырг аарԥшны аларҵәара, амассатә информациа ахархәагақәа рыҿиара.

Ҳазҭагылоу аамҭа лымкаала аҭакҧхықәра рыднаҵоит ателехәаҧшреи, арадиои, акьыҧхьи русзуҩцәа. Урҭ рҟынтә аҧхьаҩцәа, ателехәаҧшцәа, арадиозыӡырҩцәа еснагь ирзыҧшуп обиективра злоу, ҳажәлари ҳаԥсадгьыли реизҳазыӷьара хықәкыс измоу, ҳжурналистцәа рнапы иҵыҵуа зхаҭабзиара ҳараку ажәабжьқәа».

Last modified on Асабша, 27 Жәабран 2021 11:01