Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМҲАЏЬЫРҚӘА РЫԤШАҲӘА АҾЫ АГӘАЛАШӘАРАТӘ МЦА ЕИҚӘЫРҴЕИТ.

Асабша, 21 Лаҵара 2022 22:19 64

Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, лаҵарамза 21 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәареи Кавказ ашьхарыуа жәлар мчыла рахгареи Амш. Ахәылбыҽха, Аҟәа Амҳаџьырқәа Рыԥшаҳәа аҿы, амҳаџьырқәа рбаҟа азааигәара, иау ацәашьаршь пақәа рыла  еилаԥоу агәалашәаратә цәашь ду «Ашьамаҟа» адыркуеит, ашәҭрқьақьақәа аӡы ихырҵоит, иара убас агәалашәаратә мца еиқәырҵоит.

Убас иҟан иахьагьы. Ахәылбыҽха, амҳаџьырқәа рбаҟа азааигәара 19 ашәышықәсазы аҭыԥ змаз атрагедиатә хҭысқәа ирылаӡыз ргәалашәаразы еизеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа.

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа руаӡәы, Аԥсны арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы асоциал-адаптациатә ҟәша анапхгаҩы Алиас Нанба усҟан иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа ргәалашәара аиқәырхара иаҵоу аҵакы ҷыда инаҵшьны иазгәеиҭеит: «Аусмҩаԥгатәқәа рхықәкы – аурыс-кавказтәи аибашьра иалаӡыз, ахәҭакахьала,  зыԥсадгьыл гәакьа ааныжьны атәым дгьыл ахь ацара зықәшәаз ргәалашәара анаунагӡара.  80% аԥсуаа етап-етапла, аибашьра аамҭа иалагӡаны, иара анхыркәшаха аамҭагьы уахь иналаҵангьы, Ҭырқәтәылаҟа ихыҵны ицеит, уаантәи Аигәа Мрагыларатәи атәылақәа рахь. Амҩан аӡәырҩы ҭахеит, аха Ҭырқәтәыла иӡхыҵызгьы рҟынтәи ирацәаны ачымазарақәеи амлакреи ирыхҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит.  Иаанхаз ракәзар, изышьцыламыз аҭагылазаашьақәа рҽақәдыршәар акәхеит. Амҳаџьырџәа ирхыргаз атәы аҳәара уадаҩуп. Урҭ ахҭысқәа ҳҭоурых аҿы имӷьо ахәраны иаанханы иҟоуп».

Алиас Нанба иажәақәа рыла, традициала, иара абри аамҭазы, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, Амшын Еиқәа анырцә, адгьылбжьаха Қьефқьен убасҵәҟьа агәалашәаратә цәашьқәа адыркуеит, агәалашәаратә мца еиқәырҵоит.  

Лаҵарамза 21, 2022 шықәса рзы Аурыс-Кавказтәи аибашьра нҵәеижьҭеи 158 шықәса ҵит. Ари аибашьра иахҟьаны  XIX ашәышықәса азы зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылеи Ааигәа Мрагылара еиуеиԥшым атәылақәеи рахь имцар ада ԥсыхәа рмоуит. Аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵышьҭрақәа адунеи 50 тәыла рҿы иқәынхоит. Зегьы раасҭа ирацәаны аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла иқәынхоит.