Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АԤСНЫ ЖӘЛАР АЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘ ЕИБАШЬРА ДУ АҞНЫ АИААИРА 77 ШЫҚӘСА АХЫҴРА АМШ РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Ашәахьа, 09 Лаҵара 2022 10:01 469

Аҟәа. Лаҵарамза 9,  2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 77 шықәса ахыҵра амш азы Аԥсны жәлар рахь адныҳәалара ҟаиҵеит.

 «Ҳаҭыр зқәу  сыуаажәлар!

Ҳаҭыр зқәу Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа!

Ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 77 шықәса ахыҵра амш!

Иага аамҭа царгьы, Аиааира Ду аҵакы еицакра ақәым, иаарԥшыз афырхаҵара - аамҭа иазырҩашьом, ԥсра-ӡра ақәым. Ҳара есқьынгьы ҳазыгәдуны иаҳгәалаҳаршәоит ҳауаажәлар аӷа хәымга иҭархараҟны ирылшаз. Ҳџьынџьуаа рыхьӡқәа хьтәы нбанла асовет жәлар анацизм иаҿагыланы рықәԥараҟны иаадырԥшыз рфырхаҵаратә шықәсҩыра иануп. Иахьа ҳара зегьы ҳзы гәырӷьара мшуп, аха иахьа иара убас иаҳгәалаҳаршәоит Аиааира амш ҳзааигәатәуа, уи абара иахьымӡаз, аибашьра хлымӡаах иалаӡыз.

Акыр иаҧсоу аветеранцәа!

Шәара шәоуп изызку ҳәаа змаӡам шәфырхаҵареи шәпатриотизми рзы иреиӷьу аџьшьарақәа. Шәарҭ еизҳауаз егьырҭ абиԥарақәа идшәырбеит акзаара, агәымшәара, ахачҳара ду, Аԥсадгьыл абзиабара рҵакы.

Аибашьра иалахәыз Хаԥсадгьыл ахьчаҩцәа хьӡырҳәагақәеи аӷа иҿагыланы ақәԥараҟны хамеигӡарада урҭ ирыцхраауаз зегьи ирыбзоураны иалыршахеит Аиааира. Еиқәырхан, ихьчан Аԥсадгьыл еиԥш, адунеи зегьы.

Ҳара уалԥшьаны иҳадуп арҭ ахҭысқәа ирызку аиаша адырра, аиқәырхара, иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп уи аҩыза атрагедиа уаҳа иҟамларц азы.

 

Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар, акыр иаԥсоу аветеранцәа! Абри амш аҽны гәыла-ԥсыла ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп аҭынчра, аизҳазыӷьара.

 

Аиааира Ду шәыдысныҳәалоит!"

Last modified on Ашәахьа, 09 Лаҵара 2022 15:09