Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

418 АХӘЫҶЫРАЦӘА ЗМОУ АҬААЦӘА “АДЕМОГРАФИА АҾИАРА” АПРОГРАММА АҲӘААҚӘА ИРҬАГӠАНЫ 2021 ШЫҚӘСАЗЫ АФИНАНСТӘ ЦХЫРААРА РОУИТ.

Аԥшьаша, 28 Мшаҧы 2022 15:40 112

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы 2021 шықәсазы анапхгарабжьаратәи ахықәкытә программа «Адемографиа аҿиара» анагӡара азы аихшьаалатә ҳасабырба рыдыркылеит.

Аҳасабырба адгалара мҩаԥго, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба ишазгәеиҭаз ала, иарбоу апрограмма анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны ахԥатәи ахәыҷы дзаузи еиҳаны ахшаара змоуи аԥсуа ҭаацәара шәкы-шәкы нызықь  мааҭ рзоужьхеит.

Ахәыҷы иира ашьҭахь  6 – мыз иалагӡаны аҭаацәаари ацхыраара аиура азы арзаҳал рыҩыроуп.  

«Иарбоу апрограмма анагӡаразы иазоужьын 50 млн.мааҭ. Фактла иныхыз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 42 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Ҳара 420 инарзынаԥшуа арзаҳалқәа ҳрыхәаԥшит, урҭ рахьынтә ҩ-ҭаацәарак мап рыцәкын, избан акәзар урҭ ари апрограмма иаҵанакуамызм,  418 ҭаацәара ацхыраара рыҭахеит», - ҳәа иҳәеит Руслан Аџьба.

317 ҭаацәара ахԥатәи ахәыҷы иира инамаданы аматериалтә цхыраара роуит,  67 ҭаацәара – аԥшьбатәи ахәыҷы иира азы, 24 ҭаацәара – ахәбатәи ахәыҷы иира азы, 7 ҭаацәарак – афбатәи ахәыҷы иира азы, 5 ҭаацәарак – абыжьбатәи ахәыҷы иира азы.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/item/7651-418-mnogodetnykh-semej-poluchili-finansovuyu-pomoshch-v-2021-godu-v-ramkakh-programmy-razvitie-demografii.

© АПСНЫПРЕСС.

Last modified on Амҽыша, 01 Лаҵара 2022 11:47