Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АСЛАН БЖЬАНИА АЕРМАНЦӘА РГЕНОЦИД ИАЛАӠЫЗ РГӘАЛАШӘАРА АМШ ИНАМАДАНЫ АЕРМАН ЖӘЛАР РЫХЬӠАЛА АДЫШШЫЛАРА ҞАИҴЕИТ.

Амҽыша, 24 Мшаҧы 2022 10:52 138

Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2020 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аерманцәа ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш инамаданы аерман жәлар рыхьӡала адышшылара ҟаиҵеит:

«Илахьеиқәҵагоу ари амш аҽны гәыкала срыдышшылоит Аԥсны иқәынхо аерманцәа рдиаспора ахаҭарнакцәа, аерман жәлар зегьы.

Иахьа ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит ХХ ашәышықәса алагамҭазтәи ахҭыс бааԥсқәа ирылаӡыз.

Арҭ ахҭысқәа хашҭра рықәымзароуп, игыло абиԥарақәа рҟынӡа рнагаразы, раԥхьа иргыланы, урҭ еиҭа иҟамларазы.  Иахьа ипрогрессивтәу ауаажәларра зегьы иргәаладыршәоит аҩажәатәи ашәышықәсазы иҟалаз атрагедиа хлымӡаах  –  аерманцәа ргеноцид иалаӡыз. Миллионки бжаки инарзынаҧшуа аерманцәа массала иқәырхит, ахырҵәара иақәдыршәеит.

Османтәи аимпериаҟны зыҩнқәа ааныжьны иқәҵны имцар амуа иҭадыргылаз  жәанызқьҩыла аерманцәа Аԥсны хыдкыларҭас ироуит.

Аерман диаспорақәа ари ҳаҭырла иазнеины иҧсадгьылны ирзыҟалаз Аԥсны аҳәынҭқарра аргылара рҽаладырхәит.

Иахьа гәалсрыла иаҳгәалаҳаршәоит 100 шықәса инареищаны раҧхьа харада ибжьадырӡыз ауаа, аҭоурых иаҳнаҭаз аԥышәа аԥхьаҟа ас еиԥш агыгшәыграқәа еиҭа ралмыршараҟны иҳацҳархраац азы.

Аԥсны иҟоу аерман диаспореиԥш, аерман жәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара».

Иҟазааит есқьынгьы аҭынчра, арыцҳаибашьара, амилаҭбжьаратә ҳәоуеиқәшәара».

 

Last modified on Ахаша, 27 Мшаҧы 2022 17:53