Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа ранашьаразы Аусҧҟа.

Ахаша, 16 Цәыббра 2020 12:11 346

Аҟәа. Цәыббрамза 16, 2020. Аԥсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит 2017–2019 шш. рзы алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы 

Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа ранашьаразы Аусҧҟа.

Уи инақәыршәаны алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рҿы иаԥырҵаз, зыҩаӡара ҳараку, ауаажәларра ирылаҵәаз арҿиамҭақәа рзы, алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа аӡбамҭа инақәыршәаны, 2017–2019 шш. рзы алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа ранашьоуп:

Барцыц Белла Урсҟан-иԥҳа – Абааҭатәи аццышәқәа. (апублицистика);

Касланӡиа Беслан Иван-иԥа, Шаменкова Светлана Владимир-иԥҳа – Афон Ҿыц абжьаратәи ашкол ареконструкциа;

Чачхалиа Денис Кьыршьал-иԥа – Апоезиатә еигәныҩра. (аиҭагақәа).

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

 

 

Last modified on Ахаша, 16 Цәыббра 2020 13:39