Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АОКРУГ №18 АЛА АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТ ЕИҬАЛХРА МҨАԤГАХОИТ ЛАҴАРАМЗА 14 РЗЫ.

Аҩаша, 15 Хәажәкыр 2022 21:08 79

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Алхратә Комиссиа Хада Гәдоуҭа араион алхратә округ  №18 ала Апарламент адепутат еиҭалхра амҩаԥгаара арыцхә шьақәнаргылеит.

Алхратә округ №18 ала Апарламент адепутат еиҭалхра мҩаԥгахоит лаҵарамза 14, 2022 шықәса рзы.

 

Аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит иарбоу алхратә округ аҿы иқәгылаз акандидатцәа рҟынтәи аӡәгьы дахьалхымыз иахҟьаны.  

Аокруг №18 ала хәажәкырамза  12 рзы Жәлар Реизара-Апарламент адепутатрахь акандидатцәас иқәгылан  Леонид Лакербаеи Беслан Ҭаркьыли.

 

 

Last modified on Ахаша, 16 Хәажәкыр 2022 19:30