Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АЛЫҚЬСА ГОГӘУА АҦСНЫТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ УНИВЕРСИТЕТ ҲАҬЫР ЗҚӘУ АПРОФЕССОР ҲӘА АХЬӠ ИХҴОУП

Аҩаша, 15 Хәажәкыр 2022 13:32 140

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-Аҧша" аорден I аҩаӡара занашьоу Алықьса Ноча-иҧа Гогәуа  ииубилеи идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр ду зқәу Алықьса Ноча-иҧа! Уара уиит аԥсуа жәлар рҵеицәа хьӡырҳәагақәа – аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, еицырдыруа ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩцәа – Хәыхәыт Бӷажәба, Шьалуа Инал-Иԥа, Михаил Бӷажәба, Ӡаӡ Дарсалиа, аԥсуа бызшәа аҭҵаараҿы раԥхьаӡатәи амонографиа автор Петра Ҷараиа, ажәабжьҳәаҩ ду Чаҵә Чагә уҳәа реиԥш иҟаз ауаа хатәрақәа маҷҩымкәа излиаахьоу, иахьагьы излиаауа, ашьха ԥшӡа Кәыниашҭа ашьапаҿы ишьҭоу Гәыԥ ақыҭан. Ҭыԥла иугозар, жәытәнатә аахысгьы Гогәуаа ахьынхоз-иахьынҵуаз Аџьамԥазра аҳаблан. Араҟа ауп раԥхьаӡа иахьеихугаз ушьаҿа, уахьаҿыхәаз ҳбызшәа аӡыхь, уи агәыбылра ахьышьҭукааз, аҵаулареи абеиареи ҩашьара ақәымкәа иахьунырыз, урҿиаратә мҩа ахы ахьакыз.

Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы реиԥш, урҿиара злахацуркыз апоезиа алоуп. Раԥхьаӡатәи уажәеинраалагьы кьыԥхьын 1949 шықәсазы, аха дук хара имгакәа иҭыҵуеит ажәабжьқәеи аповестқәеи еидызкылоз раԥхьаӡатәи ушәҟәы – «Аӡиас ццакуеит амшын ахь». Уи алагьы мышьҭабзиала аӡәы ҳәа ухатә бжьы уманы аԥсуа литература ашҭа унҭалеит.

Иахьа аԥхьаҩцәа бзиа еицырбо, еицырдыруа уара урҿиамҭақәа иреиуоуп: ароманқәа – «Асду», «Аҽыкәаҳа»; аповестқәа – «Аси амацәыси», «Аӡиас ццакуеит амшын ахь», «Мшәагә ҳәыҷи Мшәагә дуи»; ажәабжьқәа – «Хаха-хымш ныҟәа ахьыбжьоу», «Ҭакар аблақәа», «Аҽыхәа», «Асыс-мҟаа», «Елана», «Амра аԥсы шҭаз» уҳәа убас иҵегьы.

Урҿиара инаваргыланы, шықәсырацәала аус уухьеит еиуеиԥшым амаҵура ҭыԥқәа рҿы: ажурнал «Алашара» аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩс, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа редактор еиҳабыс, ахәыҷтәы журнал «Амцабз» редактор хадас, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩыс. Акыршықәса инеиԥынкыланы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа анашьаразы акомиссиа хантәаҩра азууан. Аус ахьыууазаалакгьы еснагь иааурԥшуан аиашара, апринципра, ауаҩра.

Уара ианакәзаалакгьы ҟазшьас иумамызт аԥсҭазаара уҽаҟәыҭханы алитература мацара амаҵ аура. Еснагь ужәлар рыгәҭа угылан, рхьаа ухьаан, ргәырӷьарагьы угәырӷьаран. Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аилашыра уалагылан. Уара уруаӡәкуп Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара» аиҿкааҩцәа, раԥхьатәи напхгаҩысгьы иҟаз уара уакәын. СССР жәлар рдепутатс уалырххьан.

Иазгәасҭарц сҭахуп, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет  аҵаратә план инақәыршәаны, аԥсуа литература акафедра апрограммаҿы уара урҿиара иҷыдоу аҭыԥ шааннакыло. Уҩымҭақәа инарҭбааны ирҵоит ҳастудентцәа, ирыҩуеит урҭ рыла акурстәи адипломтәи усумҭақәа. Уԥсҭазааратәи урҿиаратәи мҩа акәзар, еиҵагыло абиԥара ҿа рзы еснагь иҿырԥшыгоуп, имҩақәҵагоуп, иааӡагоуп.

Сара хаҭала даҽазныкгьы иудысныҳәалоит, ҳаҭыр ду зқәу Алықьса Ноча-иԥа, уиубилеи – 90 шықәса ухыҵра! Ари ныҳәа дууп ҳажәлар зегьы рзы.

Аԥсны ашьхақәа ирылыҳәҳәо Ерцахә шла еиԥш, алитература адунеи аҳаракыра дуқәа рахь ахалара зылзыршаз, Аԥсни аԥсуа жәлари ыҟанаҵы зыеҵәахә лаша жжаӡа ажәҩан икыдзаауа, Ҳашәҟәыҩҩы Ду, ҳаклассик, иузеиӷьысшьоит агәабзиара, агәҭынчра, аԥсуа ишықәснҵыра ду»! - аҳәоит аректор, академик Алеко Гәарамиа иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.

 

Аиубилеи инамаданы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет Аҵарауаа рхеилак аӡбарала, Алықьса Ноча-иҧа Гогәуа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет Ҳаҭыр зқәу апрофессор ҳәа ахьӡ ихҵоуп.

Ауниверситет аректор иара убасгьы аиубилиар аҧаратә ҳамҭа ианеишьеит.