Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АӠБАРАТӘ ЕИЛАЗААРА ҾЫЦ ШЬАҚӘЫРГЫЛОУП.

Ашәахьа, 14 Хәажәкыр 2022 10:46 100

Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаратә еилазаара ҿыц шьақәыргылоуп.  

Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, хәажәкырамза 11, 2022 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа Реизара мҩаԥысит.  

«Аӡбаратә мчра азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 147 инақәыршәаны, 2019 шықәса инаркны аус зуаз аӡбаҩцәа Рхеилак азинмчы иазыԥҵәоу аҽҳәара ахыркәшара инамаданы, аӡбаҩцәа Реизара аӡбамҭа ала, Ахеилак аилазаара ҿыц шьақәыргылоуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа Рхеилак аилазаара ҿыц иалалеит:

Аконституциатә ӡбарҭа аҟынтәи – Рауль Пантиа;

Азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәа рҟынтәи – Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа Сафарбеи Миканбеи Лииа Адлеибеи, Гәылрыԥшь араион аӡбарҭа аӡбаҩ Игорь Агәмаа, Гәдоуҭа араион аӡбарҭа аӡбаҩ Мадина Лазарева, Гагра араионтә ӡбарҭа аӡбаҩ Асида Аргуни Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә ӡбарҭа аӡбаҩ Шьаруан Смыри;

Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аҟынтәи –  аӡбаҩцәа Зураб Агәмааи Омиани Логәуеи.

Аӡбаҩцәа Рхеилак аӡбамҭа ала Ахеилак ахантәаҩыс далхуп Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аӡбаҩ Омиани Логәуа,  уи ихаҭыԥуаҩыс – Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаҩ Лииа Адлеиба.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа Рхеилак аилазаара имаӡоу абжьыҭара ала хы-шықәса аҽҳәара аманы иалххоит.

Аӡбаҩцәа Рхеилак иалырхуа аӡбаратә ахаланапхгара усбарҭаны иҟоуп, уи аӡбаҩцәа реизара рыбжьара аус ауеит. Аӡбаҩцәа Рхеилак аӡбаҩцәа Реизара аҿаԥхьа аҳасабырбатә хаҿны иҟоуп.

Аӡбаҩцәа Реизара иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа рыквалификациатә Коллегиа аилазаара инагӡаны ишьақәнаргылеит.

Аквалификациатә коллегиа аилазаара иалалеит:

Азеиԥш иурисдикциа Аӡбарҭақәа рҟынтәи – Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаҩ Кәыҵниаԥҳа Маииеи Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩ Милана Џьынџьалԥҳаи;

Аԥсны Аҳәынҭқарра Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аҟынтәи – аӡбаҩ Кама Џьопуа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра адукатцәа Рколлегиа аԥышәаратә комиссиа иалагалоуп Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаҩ Заури Аџьынџьали Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аӡбаҩ Кама Џьынџьалԥҳаи.

Раԥхьаӡа акәны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаҩцәас иалхыз Сафарбеи Миқанбеи Саида Быҭәԥҳаи, иара убас Гагра араионтә ӡбарҭа аӡбаҩ Инал Кәыҵниа аӡбаҩцәа Реизара аҿы аҭоуба шьҭарҵеит, анаҩс урҭ аиашаӡбара аганахьала рмаҵзуратә уалԥшьа анагӡара нап адыркит.  Последнее изменение Понедельник, 14 марта 2022 10:48.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/item/7077-sformirovan-novyj-sostav-soveta-sudej-respubliki-abkhaziya.

© АПСНЫПРЕСС.

Last modified on Ашәахьа, 14 Хәажәкыр 2022 16:26