Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АТУРИЗМ АМИНИСТРРА АԤСНЫҞА ИԤАРШЕИУ АМҨАҚӘҴАГАҚӘА РЫДГАЛАРА МҨАԤЫЗГО АМЦҲӘАРАТӘ САИТҚӘА РААРԤШРА АЛШЕИТ.

Ашәахьа, 14 Хәажәкыр 2022 13:20 107

Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны атуризм Аминистрра Аԥсныҟа иԥаршеиу амҩақәҵагақәа рыдгалара мҩаԥызго амцҳәаратә саитқәа раарԥшразы амониторинг мҩаԥнагеит. Иарбоу аусмҩаԥгатә иабзоураны иаарԥшхеит мцҳәарала ауаа иԥаршеиу амҩақәҵагақәа рыдгаларала аус зуаз асаитқәа ҩба: 

https://reprua.org/

https://holodnayarechka.ru/

Аԥсны атуризм Аминистрра ареспублика иаҭаарц зҭаху асасцәа зегьы рахь агәҽанызаара аадырԥшларц, насгьы ироуа аинформациа зегьы Аԥсны атуризм Аминистрра аофициалтә саит «Аԥсны иахьаҵанакуа  аԥсшьаразы аанкылара иазку аобиектқәа рсиа» ҳәа иҟоу аҟәша аҿы иҟоу адыррақәа ирҿырԥшны аҵабыргра шьақәдырӷәӷәаларц, мамзаргьы «еиԥырҟьам аимадара ацәаҳәа» аҳасабала иҟоу абри аҭел ала: 8 (800) 505-42-40 рыҽрымардаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит. Последнее изменение Понедельник, 14 марта 2022 13:34.

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/item/7079-minturizma-ra-vyyavilo-dva-moshennicheskikh-sajta-predlagayushchikh-poddelnye-putevki-v-abkhaziyu.

© АПСНЫПРЕСС.

Last modified on Ашәахьа, 14 Хәажәкыр 2022 15:08