Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛХРАТӘ ҬЫԤҚӘА РҾЫ АБЖЬҚӘА РЫԤХЬАӠАРА ИАЛАГЕИТ.

Асабша, 12 Хәажәкыр 2022 20:46 158

Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   «Асааҭ 20:00 рзы Асааҭ 20:00 рзы ихыркәшахеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа.  35 алхратә округқәа рҿы (152 алхратә ҭыԥқәа) зыбжьы азҭаз алхыҩцәа рыбжьқәа рыԥхьаӡара иалагахьеит». Иахьа Аԥсны Алхратә Комиссиа апресс-центр аҿы абри азы адырра ҟаиҵеит Аԥсны Алхратә Комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан.

Дмитри Маршьан иажәақәа рыла, АКХ ахь ашшыбӷьыцқәа ҳәа акгьы алагалаӡамызт.

35 алхратә округқәа зегьы рҿы алхыҩцәа раара еиҵаӡоу аҩаӡара иахысит. Алхрақәа мҩаԥысит ҳәа иԥхьаӡоуп асиа хада иану алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи  25% еиҵамкәа  рхы аладырхәызар.

Иалхуп ҳәа иԥхьаӡахоит алхрақәа рҿы зхы алазырхәыз ауаа реиҳараҩык рыбжьқәа зауз  адепутатрахь акандидатцәа.

Алхрақәа реихшьаалақәа рзы адыррақәеи иалхыз Апарламент адепутатцәа рсиақәеи  Алхратә Комиссиа Хада иакьыԥхьуеит алхрақәа анымҩаԥгаз ашьҭахь бжьымшы ирхымгакәа.

Заанаҵтәи адыррақәа алхрақәа рышьҭахь адырҩаҽны ирылаҵәахоит.

Алхратә округ ала ҩыџьа иреиҳаны акандидатцәа ықәгылазар, убри аан урҭ рахьынтә аӡәгьы далрымхызар, усҟан ҩымчыбжь рашьҭахь зегьы реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа адепутатрахь акандидатцәа рыла аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит. 

Аиҭалхрақәа раан адепутатрахь акандидат далхуп ҳәа иԥхьаӡахоит алхрақәа зхы алазырхәыз алхыҩцәа рхыԥхьаӡара иадҳәаламкәа еиҳаны абыжьқәа иоузар.  

Last modified on Амҽыша, 13 Хәажәкыр 2022 20:18