Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСААҬ 20:00 РЗЫ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АХЬ АЛХРАҚӘА ХЫРКӘШАХЕИТ.

Асабша, 12 Хәажәкыр 2022 20:01 90

Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Асааҭ 20:00 рзы ихыркәшахеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа.  35 алхратә округқәа рҿы (152 алхратә ҭыԥқәа) зыбжьы азҭаз алхыҩцәа рыбжьқәа рыԥхьаӡара иалагахьеит.

Алхрақәа мҩаԥысит ҳәа иԥхьаӡоуп асиа хада иану алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи  25% еиҵамкәа  рхы аладырхәызар.

Иалхуп ҳәа иԥхьаӡахоит алхрақәа рҿы зхы алазырхәыз ауаа реиҳараҩык рыбжьқәа зауз  адепутатрахь акандидатцәа.

Алхратә округ ала ҩыџьа иреиҳаны акандидатцәа ықәгылазар, убри аан урҭ рахьынтә аӡәгьы далрымхызар, усҟан ҩымчыбжь рашьҭахь зегьы реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа адепутатрахь акандидатцәа рыла аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.  

Last modified on Амҽыша, 13 Хәажәкыр 2022 19:58