Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

35 ОКРУГ РҞЫНТӘИ 27 ОКРУГ РҾЫ АЛХРАҚӘА РЫМҨАԤЫСРА ШЬАҚӘГЫЛЕИТ ҲӘА ИԤХЬАӠОУП.

Асабша, 12 Хәажәкыр 2022 15:29 157

Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 35 округ рҟынтәи 27 округ рҿы алхрақәа рымҩаԥысра шьақәгылеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Араҟа алхыҩцәа раара  аҩаӡара 25% иахысит.

Иааизакны ареспублика иахьаҵанакуа алхыҩцәа раара 28,6% аҟынӡа инаӡеит.

Зегьы раасҭа алхыҩцәа раара шьақәыргылоуп аокруг № 35 аҿы, уи  58,3% рҟынӡа инаӡоит, зегьы раасҭа еиҵаны аокруг №2 аҿы ишьақәыргылоуп - 11%.

Аԥсны Алхратә Комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан игәаанагарала иахьа асааҭ 6 рзы ареспублика аҿы алхыҩцәа раара азеиԥш хыԥхьаӡара 40-45% инарзынаԥшуа инаӡоит.

 

 

Last modified on Асабша, 12 Хәажәкыр 2022 18:03