Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА - АПАРЛАМЕНТ АХЬ АЛХРАҚӘА РҾЫ ИБЖЬЫ АИҬЕИТ.

Асабша, 12 Хәажәкыр 2022 11:12 137

Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Жәлар Реизара  - Апарламент ахь алхрақәа рҿы ибжьы аиҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада ауаажәларратә уалԥхықәра наигӡеит дахьҭаҩыз аҭыԥ ала, иқыҭа гәакьа Тамшь аҿы.

«Сара агәыӷра сымоуп, зегьы ишахәҭоу ала имҩаԥысып ҳәа, избан акәзар иахьа иалаҳхуа ауаа ҳаԥхьаҟа рнапы злакхо аус  даара имариам. Урҭ акыр зҵазкуа аҳәынҭқарратә зҵаарақәа рыӡбараны иҟоуп.  Убри аҟнытә сара агәыӷра сымоуп  иреиӷьу адепутатцәа ралхра ҳалшап ҳәа», - ажурналистцәа дрыҿцәажәо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. 

Уи ҩаԥхьа иазгәеиҭеит Аԥсны астратегиатә ҩызаны иҟоу Урыстәыла уажәы имариам аамҭақәа ишырхысуа. «Ари аекономика ианымԥшыр залшом, аинфлиациагьы ахы цәырнагахьеит. Шәара ишәымбар залшом ахәқәа шышьҭыҵыз. Арахь макьаназы имариам аҭагылазаашьа ҳамоуп акоронавирустә ҿкы чымазара инамаданы. Арҭ азҵаарақәа зегьы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы иахәаԥшуазароуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Тамшь ақыҭа аокруг  №31 иаҵанакуеит. Араҟа иқәгылоуп Жәлар Реизара-Апарламент афбатәи ааԥхьара (2017-2022 шш.) адепутат Гарри Кокаиа, иара убас Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» ԥыхьатәи анапхгаҩы (2005-2014 шш.) Резо Занҭариа.

 

 

Last modified on Асабша, 12 Хәажәкыр 2022 16:56