Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҞӘАТӘИ АЛХРАТӘ ҬЫԤХАДАҚӘА ЗЕГЬЫ АЛХРАҚӘА РЫМҨАԤГАРАЗЫ ИРХИОУП.

Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 16:13 156

Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 12 рзы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа.   

Аԥсныпресс акорреспондентцәа алхратә ҭыԥхадақәа №6; 7 иаҵанакуа аҟәатәи аокругқәа ԥшьба ирҭааны игәарҭеит.

Алхратә комиссиа ахаҭарнакцәа алхрақәа рымҩаԥгара аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа атәы еиҭарҳәеит.

Урҭ ражәақәа рыла, алхрақәа рымҩаԥгаразы зегьы рхиоуп, алхыҩцәа рсиақәа кнарҳахьеит, акандидатцәа рзы аинформациа зну аплакатқәеи аурнақәеи раагара алыршоуп. Иара убас иазгәаҭан ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы шымҩаԥгахо.

Ф-ҩык адепутатрахь акандидатцәа алхратә ҭыԥхада №6 (Ихадоу) ала иқәгылоуп, жәҩык акандидатцәа   – аокруг №7 (Абиблиотека) ала.    

 

Last modified on Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 18:20