Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АПАРЛАМЕНТ АКТӘИ АԤХЬАРАҾЫ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА АВЕТЕРАНЦӘЕИ АԤСУА ЖӘЛАР РМИЛАҬ-ХАҚӘИҬРАТӘ ҚӘԤАРЕИ РЗЫ АЗАКӘАН АПРОЕКТҚӘА РЫДЫРКЫЛЕИТ.

Аԥшьаша, 24 Жәабран 2022 18:07 145

Аҟәа. Жәабранмза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «1992 – 1993 шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи Аԥсны иахьаҵанакуа аибашьратә хҭысқәеи рзы» Азакәан апроекти «Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥареа азы» Азакәан апроекти рыдыркылеит.

1992-1993 шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рзы Азакәан апроект аминистрцәа Реилазаара азинтә еиқәшәара Аппарат аусзуҩцәа алархәны Апарламент аусуратә гәыԥ ала еиқәыршәахеит.   

Азакәан адкылара аԥшьгаҩыс дыҟоуп адепутат Илиа Гәыниа.  Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит адепутат Рауль Лолуа.

Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалахәыз ауаа  рзинқәеи урҭ асоциалтә дгылара рыҭаразы ауснагӡатәқәеи, иарбоу ахаҿқәа рыстатуси ралкаара ахәҭаны иҟоуп.

Адепутатцәа иара убас актәи аԥхьараҿы ирыдыркылеит «1992-1993 шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи Аԥсны иахьаҵанакуа аибашьратә хҭысқәеи рзы»  азакәани «Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара азы» азакәани  рыдкылара инамаданы «Азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы» Азакәан апроект рыдыркылеит.  

 

 

Last modified on Асабша, 26 Жәабран 2022 17:16