Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ДЖәР, ЛЖәР РҞЫНТӘИ АХҴӘАЦӘА АПАНСИОНАТ “АИҬАР” АҾЫ ИНДЫРХЕИТ.

Аԥшьаша, 24 Жәабран 2022 14:55 154

Аҟәа. Жәабранмза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. ДЖәР, ЛЖәР рҟынтәи Аԥсныҟа иааргаз ахҵәацәа аҟәатәи апансионат «Аиҭар» аҿы индырхеит.

Апансионат «Аиҭар» адиректор Ҭемыр Адлеиба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо ахҵәацәа ааргеижьҭеи сааҭк аҟара ҵуеит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

«Зегьы ауадақәа рҿы индырхеит, уажәы урҭ шьыбжьхьа рфоит.  Ҳара иахьа урҭ амҩахьынтә рыԥсы дҳаршьоит, уаҵәы инаркны ахәыҷқәа аҵара-еилыркааратәи арлахҿыхратәи апрограммақәа рзеиҿаҳкаауеит. Аиҳабацәагьы ахшыҩзышьҭрада иаанхаӡом», - ҳәа иҳәеит Ҭемыр Адлеиба.

Ахҵәацәа рзы ҽнак хынтә акрыфара еиҿкаауп, иара убас шьыжьхьеи уаххьеи рыбжьара акы инацҳауеит.

«Апансионат аҿы афымцамчлеи ӡылеи реиқәыршәара еиԥҟьарада имҩаԥысуеит, избан акәзар ҳара ҳхатәы дизель-генератори адгьыл аҵантәи аӡеизгарҭа (аскважина) ҳамоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҭемыр Адлеиба.

Зынӡа иааит 93 - ҩык: 55 - ҩык Луганск аҟынтәи,  38 – ҩык Донецк аҟынтәи.

 

 

Last modified on Ахәаша, 25 Жәабран 2022 19:51