Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЛЖәР, ДЖәР РҞЫНТӘИ АХҴӘАЦӘА ИАХӘҬОУ АМЕДИЦИНАТӘ ЦХЫРААРА РЫҬАХОИТ.

Ахәаша, 25 Жәабран 2022 13:31 267

Аҟәа. Жәабранмза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. ЛЖәР, ДЖәР рҟынтәи ахҵәацәа иаҭахханы иҟалозар, атәыла амедицинатә усбарҭақәа рҿы иахәҭоу амедицинатә цхыраара рыҭахоит. Абри азы иахьа  асасааирҭа «Аиҭар» аҟны ЛЖәР, ДЖәР рҟынтәи ахҵәацәа дырԥыло адырра ҟаиҵеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. 

«Ҳара азҵаарақәа зегьы рыла ацхыраара шәызҭало акуроторцәа алаҳкааит», - ҳәа иҳәеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр.

Едуард Быҭәба аԥсуа жәлар аибашьра атәы ибзиаӡаны ирдыруеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара аибашьра ахлымӡаах ҳахысхьеит, уи атәы аадыруеит, убри аҟнытә шәара ацхыраара шәымҭаразы азин ҳаманы иҳаԥхьаӡаӡом», - ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр. Уи, ихымԥадатәихо ахәышәқәа реиқәыршәара аганахьала ауадаҩрақәа шыҟамло инаҵшьны иазгәеиҭеит. 

Апансионат аҿы иара убас аҳаҵьымцәа  рыҷаԥшьарагьы еиҿкаауп.  

Жәабранмза 23 рзы Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ДЖәР, ЛЖәР рҟынтәи ахҵәацәа раагара еиҿнакааит.

Луганск аҟынтәи иааргеит  52-ҩык, урҭ рахьынтә 32-ҩык хәыҷқәоуп.  Ахҵәацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ҩыџьа зцәазтәым аҳәсақәагьы.

 

Last modified on Ахәаша, 25 Жәабран 2022 18:28