Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА ДОНЕЦКТӘИ ЖӘЛАРТӘ РЕСПУБЛИКА АХАДА ДЕНИС ВЛАДИМИР-ИԤА ПУШИЛИН ИХЬӠАЛА АДНЫҲӘАЛАРАТӘ ЦҲАМҬА ИШЬҬИТ.

Аҩаша, 22 Жәабран 2022 10:15 181

Аҟәа. Жәабранмза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Донецктәи Жәлар Рреспублика Ахада   Денис Владимир-иԥа Пушилин ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа ишьҭит.

                                       

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны, ахәҭакахьала иҳәоуп: 

«Ҳаҭыр зқәу Денис Владимир -иԥа, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Донецктәи Жәлартә Республика Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала иаиуыз ахьыԥшымреи асуверенитети разхаҵара.

Шәара шәтәыла ашьақәгылареи аҿиареи рымҩаҟны акрызҵазкуа хҭысны иҟалаз 2022 шықәса жәабранмза 21 арыцхә, Донецктәи Жәлартә Республика аҭоурых ианылоит аиаша аиааира анагаз амш аҳасабала. Аԥсны жәлар ибзианы ирдыруеит ахақәиҭра иахҭынҵоу ахә ашьара шыуадаҩу.

Ҳаҭыр зқәу Денис Владимир-иԥа, абри аҭагылазаашьа схы иархәаны,  Донецктәи Жәлартә Республика иқәынхо ауааԥсырагьы Шәаргьы Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара».

 

 

 

 

 

 

Last modified on Аҩаша, 22 Жәабран 2022 15:53