Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЖӘАБРАНМЗА 21 – АԤСУА ЛИТЕРАТУРА АШЬАҬАРКҨЫ ДЫРМИТ ГӘЛИА ИИРА АМШ АУП.

Ашәахьа, 21 Жәабран 2022 14:51 143

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа Аҟәа ақалақь,  Р. Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониа аҿаԥхьа иҟоу асквер аҿы аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иосиф Гәлиа (21.02.1874 ш. – 07.04.1960 ш.) ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит. Д.И.Гәлиа ҳаҭырла дыргәаладыршәарц азы иахьа арахь имҩахыҵит атәыла акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр, аҵарадырра аминистр Инал Габлиа, аԥсуа поетцәеи апрозаикцәеи, арҿиаратәи анаукатәи интеллигенциа ахаҭарнакцәа, ауаажәларра.

«Иахьа – зыда аԥсуа бызшәа, аҩыра, акультура, апрофессионалтә литературеи атеатри  рылацәажәара акыр иуадаҩхоз ауаҩы - Дырмит Гәлиа иира Амш ауп –аԥсуа жәлар зегьы рзы, ҳҵарадырреи ҳкультуреи рыԥхьагыла.   Иахьа иара ихьӡ ала ҳара ҳтәыла ахьӡ аӡыргара ҳалшоит. Аԥсуа жәлар  ари ауаҩы илиршаз ахаангьы ргәаҵаҿы иаанхоит. Абар шьҭа акыр шықәса инеиԥынкыланы Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҿы ари амш ҷыдала иазгәарҭоит, аха иахьа атәыла  аҩныҵҟа ишьақәгылаз асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа ҳасаб азуны уи азгәаҭара иаҩцацәамкәа имҩаԥысуеит», - ҳәа илҳәеит Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи адиректор Светлан Корсаиа.

Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Дырмит Гәлиа  изы игәаанагара иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Вахтанг Абхазоу: «Иахьа алитераторцәа зегьы, ҳажәлар зегьы рзы - ныҳәа дууп. Иахьа – аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа  иира Амш ауп. Ишдыру еиԥш, Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа  аԥсуа сахьаркыратә литература ашьаҭа икит. Уи– раԥхьатәи аԥсуа анбан авторцәа дреиуоуп. Уи ида ухахьы иузаагом аԥсуа театр, аԥсуа ҭоурыхтә наука. Дырмит Гәлиа – жәабранмза, 1919 шықәсазы акьыԥхь збаз раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны» аредактор.  Иара убри ашықәсан иҭыжьын раԥхьаӡатәи уи иажәабжь «Атәым жәҩан аҵаҟа».  ***

 

Last modified on Ашәахьа, 21 Жәабран 2022 18:43