Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҞӘА ДОНЕЦКИ ЛУГАНСКИ РҞЫНТӘИ АУААԤСЫРА РЫДКЫЛАРА ИАЗХИОУП.

Ахәаша, 18 Жәабран 2022 20:51 171

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Донецктәии Лугансктәии жәлартә республикақәа рҿы аҭагылазаашьа аибарххара инамаданы, Аҟәа ақалақь Ахадара Донецки Лугански рхадацәа иаҭаххны иҟалозар, арҭ ареспубликақәа руааԥсыра Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы рыдкылара ишазхиоу азы адырра рышьҭит.

Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иҟаиҵаз Адҵа ала,  Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩцәа Авҭандил Сурманиӡеи Асҭамыр Ашәбеи Донецки Лугански  рхадацәа телла рыҽрымардеит. Донецки Лугански рхадацәа Алеқсеи Кулемзини Манолис Пилавови Аҟәа ақалақь Ахадара ирыднагалаз ацхыраара азы иҭабуп ҳәа рҳәеит. 

Жәабранмза 18 рзы Донецктәии Луганксктәии Жәлартә республикақәа рхадацәа Украина  арбџьармчқәа дара рпозициақәа иреихсуа иалагеит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит.  «Аҵыхәтәантәи амзақәа рзы ҳара есыҽны иазгәаҳҭоит аганқәа реидкьыслара ацәаҳәа ааигәа-сигәа Украина аруааи аԥырратә бџьари рхыԥхьаӡара аизҳара ишаҿу, аицҭырҟьаратә мца ареактивтә  системақәа «Смерч», «Ураган»,  ареактивтә комплектқәа NLAW, иара убас «Джавелин» ,        «Стингер» уахь иналаҵаны. Иахьа урҭ  реибашьыгақәа аҭынчуааԥсыреи ҳареи ҳхәыҷқәеи ирықәкуп. Урҭ Донбасс еибашьрала агара иазхиоуп.  Украина Ахада Владимир Зеленски Донецктәии Лугансктәии Жәлартә Республикақәа рнапахьы аагара хықәкыс иҟаҵаны, ааигәа аруаа ажәылара азы адҵа риҭараны дыҟоуп», - ҳәа иаҳәоит арратә ҭагылазаашьа иаалырҟьаны аибарххара инамаданы Донецктәи Жәлартә Республика ахада Денис Пушилин ДЖәР ауааԥсыра рахь иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.

ДЖәР ахада ишазгәеиҭаз ала, «Донецктәи Жәлартә Республика арбџьармчқәа, аибашьратә ԥышәа рымоуп, есымша ихиоуп иагьрылшоит ауаажәларреи аинфраструктуреи рыхьчара. Аха егьа ус иҟазаргьы, аӷа Ареспублика аиланхарҭақәа данреихсуа ҳтәылауаа ааха роур алшоит». «Убри аҟнытә, иахьа, жәабранмза 18 инаркны, ауааԥсыра Урыстәылатәи Афедерациаҟа массала рыиагара еиҿкаауп..… Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ақәыршаҳаҭрала Ростовтәи аобласт аҟны ҳтәылауаа рыдкылара азы апунктқәа рхиоуп. Аевакуациа зызу зегьы  рыла еиқәыршәахоит. Ирласны аиасра азы аужьҭратә ԥыԥшырҭақәа рҿы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы аԥҵоуп», -ҳәа иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҿы.

Лугансктәи Жәлартә Республика ахада Леонид Пасечник убасҵәҟьа ареспублика ауааԥсыра Урыстәылаҟа аевакуациахь ицарц азы ааԥхьара ҟаиҵеит. «Аҭынчуааԥсыра рыбжьара аԥстәбара ҟамларц азы амобилизациатә ҭакԥхықәра здым, мамзаргьы асоциалтәи ауаажәларратәи аинфраструктура аԥсҭазаареиқәыршәара иалахәым ареспублика ауааԥсыра зегьы рахь ааԥхьара ҟасҵоит аамҭа кьаҿ иалагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа ахь шәцарц», - ҳәа ареспублика ауааԥсыра рахь иҟаиҵаз ааԥхаьара аҿы иҳәеит Леонид Пасечник.     

 

Last modified on Асабша, 19 Жәабран 2022 15:42