Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМЕДИА-АГЕНТРА SPUTNIK АԤСНЫ АПРЕСС-ЦЕНТР АҾЫ АПРОЕКТ «ПЛОДЫ ДОБРА» АӠЫРГАРА МҨАԤЫСИТ.

Ахәаша, 18 Жәабран 2022 14:03 113

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа амедиа-агентра  Sputnik- Аԥсны аҟны апроект «Плоды Добра» аӡыргара мҩаԥысит. Ари Sputnik-Аԥсни Акультуратә гәыҳалалратә Фонд «Ашанеи» ателеканал «Абаза-ТВ» еицынарыгӡо апроект ауп. Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны афонд «Ашана» аҟынтәи ахылаԥшра змоу ахәыҷқәа рҭоурыхқәа аарԥшуп.   

Апрект ахықәкы – афонд аҟынтәи ацхыраара зауа ахәышәтәра акурс ианахыс ашьҭахь рыԥсҭазаараҿы иҟалаз аиҭакрақәа рыхцәажәара.

«Апроект аидеиа ҳгәыҳалалыҩцәеи, иара убас афонд аҟынтәи ацхыраара зауз ахәыҷқәа анаҩстәи рыԥсҭазаара иазҿлымҳаз ареспублика атәылауааи иҟарҵаз азыҳәамҭа иахылҿиааит», - ҳәа еиҭалҳәеит афонд «Ашана» адиректор Мактина Џьынџьолиа.  Абри аидеиа ала ҳара амедиа агентра Sputnik ҳадҵаалеит. Араҟа иарбоу аидеиа адгылара арҭеит. Иарбоу апроект иара убас иадгылеит ателеканал «Абаза ТВ».  

Есымза ателеканал «Абаза ТВ» иара убас амедиа-агентра  Sputnik-Аԥсны аҿы ахәыҷқәа ирызку аҭоурыхқәа рырбара мҩаԥысуеит.

«Ҳара апроект «Плоды Добра» аҳәаақәа ирҭагӡаны иаарԥшхо аҭоурыхқәа «ахәышәтәра аганахьала ацхырара зҭаху зегьы агәызҭазаара рынаҭалоит» ҳәа агәыӷра ҳамоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит амедиа-агентра Sputnik-Аԥсны апресс-центр анапхгаҩы Инал Лазба.  

10 шықәс рыла афонд ала ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы еизган  75 млн. мааҭ инарзынаԥшуа, 323-ҩык ахәыҷқәа рзы 501 ахәышәтәратә курсқәа рыхәԥса шәан.

 

Last modified on Ахәаша, 18 Жәабран 2022 17:29