Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АԤСНЫ АИАШАХАҴАРАТӘ УАХӘАМА АХЕИЛАК АХАНТӘАҨЫ АԤШЬАҨЫ ЕИҲАБЫ ВИССАРИАН АԤЛИАА ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҩаша, 15 Жәабран 2022 12:16 95

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәама Ахеилак Ахантәаҩы Аԥшьаҩы еиҳабы Виссариан Аԥлиаа ииубилеи идиныҳәалеит.

 

Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:

 

"Аб Виссариан, Шәхацкы!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит 75 шықәса шәхыҵра иазку шәиубилеитә рыцхә!

Шәыԥсҭазаара ззышәкыз Анцәа имаҵзура адоуҳамчи ахамеигӡареи аҭахуп. Шәара ауаа рганахьала иҟашәҵо азҿлымҳареи, арыцҳашьареи, еихсыӷьра змам шәныҳәаԥхьыӡқәеи рыла шәнапы иану аус азыҟазаашьеи ажәлар рахь ишәымоу абзиабареи рзы ҿырԥшыга бзианы шәыҟан есқьынгьы.

1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар ргәышьҭыхреи, иара убас аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәама арӷәӷәареи ирызку Шәара шәылшамҭақәа аҳаҭырқәҵара дуӡӡа шәаԥсаны шәҟарҵеит. 

Аҵакы змоу абри амш аҽны ишәзеиӷьасшьоит ашықәс рацәа, шәнапы иану аус ду аҟны Анцәа илԥха шәыгымзааит!"

 

Last modified on Аԥшьаша, 17 Жәабран 2022 00:51