Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

УРЫСТӘЫЛАТӘИ АСПЕЦИАЛИСТЦӘА АԤСНЫ АГАЗИФИКАЦИА АЗЫ АПРОЕКТҚӘА РЫДГАЛАРА МҨАԤЫРГЕИТ.

Ахаша, 16 Жәабран 2022 19:07 127

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб урыстәылатәи аделегациа ахаҭарнакцәа идикылеит. Аиԥылара аҿы Аԥсны агазификациа азы асхема Хада иадҳәалоу азҵаарақәа   ирылацәажәеит, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент адырра ирҭеит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура аҟны.

Убри аԥхьа аганқәа рхаҭарнакцәа атәыла аекономика Аминистрра аҿы еиԥылеит. Урҭ иҳаҩсыз ашықәс ԥхынҷкәынмзазы ишьақәырӷәӷәаз актәи аетап аплан анагӡара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. 

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аспециалистцәа аҳабжьратәи агазификациа, иӡшьартәу аԥсабаратә газ ала автономтә газификациа, аенергетика аобиектқәа ргазификациа еиԥш иҟоу Аԥсны агазификациа аҿиара асценариақәа рыдгалара мҩаԥыргеит.

Урыстәылатәи аспециалистцәа Аԥсны аԥхьаҟа 15 шықәса ирҭагӡоу аперспектива азы асоциал-економикатә ҿиара ҳасаб азуны абылтәылеиқәыршәареи амчхареиқәыршәареи рзы иҟалар зылшо асценариақәа рыдгалара мҩаԥыргеит.  

Алеқсандр Анқәаб урыстәылатәи аган ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа раҳәо ареспублика аҿы атәыла асоциал-економикатә ҿиара хра злоу анырра аҭара зылшо ареалтә проектқәа рылацәажәареи рыхәаԥшреи ишазхиоу азгәеиҭеит.

Last modified on Аԥшьаша, 17 Жәабран 2022 00:22