Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ГАГРА АРАИОН АҾЫ ИБЛЫЗ АҨНЫ АҾЫ АУАҨЫ ДҬАХЕИТ.

Ахәаша, 11 Жәабран 2022 11:39 170

Аҟәа. Жәабранмза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 10 рзы Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра аԥыԥшырҭатә пульт ахь Аныхаԥсҭа ақыҭаҿы амҿытә ҩны абылра азы адырра ҟалеит. Гагра ақалақь ала Абылрацәыхьчаратә архәҭа арасчиотқәа хԥа 21 сааҭи 32 минуҭи рзы ахҭыс ахьыҟалаз ахь идәықәлеит. Аԥсеиқәырхаратә Хылаԥшырҭа аусзуҩцәа аҭыԥ аҿы ианнеиуаз аамҭазы аҩны зегьы амца акхьан, ахыбгьы еилаҳаит.

Амцакра иахҟьаны аҩны зегьы блит.

Амца анырцәаха ашьҭахь амцарцәаҩцәа зыбжа блыз ауаҩы иԥсыбаҩ рыԥшааит. Иҭахаз ауаҩы ихаҭара ашьақәыргылара мҩаԥысуеит.

Ашьжьымҭан, жәабранмза 11 рзы Аҟәа ақалақь Красномаиакскаиа амҩа ала амцакра шыҟалаз азы адырра ҟалеит. Аҩнеихагылақәа руак аҿы ауада абылра иаҿын. Аҟәа ақалақь Абылрацәыхьчаратә архәҭа аусзуҩцәа асааҭ  06 сааҭи 23 минуҭи рзы ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь ицеит.  Амца ирласны арцәара алыршахеит. Иҟалаз ахҭыс иахҟьаны абарҵа блит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит. Амашәыр ҟалеит афымцатә приборқәа ииашамкәа рхархәара иахҟьаны.

 

 

Last modified on Ахәаша, 11 Жәабран 2022 17:46