Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЖУРНАЛИСТЦӘА РЕИДГЫЛАРА АМАССАТӘ ИНФОРМАЦИА АХАРХӘАГАҚӘА ПРОФЕССИОНАЛЛА, ОБИЕКТИВЛА, ИНАГӠАНЫ АЛХРАТӘ КАМПАНИА АЕТАП ХАДАҚӘА РЗЫ АДЫРРАҬАРАҚӘА ЕИҚӘДЫРШӘАЛАРЦ АЗЫ ААԤХЬАРА ҞАНАҴОИТ.

Аԥшьаша, 10 Жәабран 2022 13:44 166

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Жәлар Реизара-Апарламент ахь имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа инарымаданы ааԥхьара ҟанаҵеит.  

Ажурналистцәа Реидгыла амассатә информациа ахархәагақәа рредакциақәеи ажурналистцәеи  русура иҟоу алхратә закәанԥҵареи амассатә информациа ахархәагақәа рзы Азакәани инарықәыршәаны анагӡареи, азанааҭтә етика анормақәа рықәныҟәареи,  алхрақәа рзы адырраҭарақәа  рыҟаҵараан абарҭ апринципқәа ҳасаб азуреи рзы ааԥхьара ҟанаҵеит:

– Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатрахь акандидатцәа зегьы рполитикатә гәаангарақәа ирыдҳәаламкәа еиԥшу аинформациатә лшарақәа рыҭара;  

– алхратә тематика иазку аматериалқәа зегьы аобиективреи аиашареи аныԥшуа аҟаҵара, ганкы мацара иадымгыло, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатрахь акандидатцәа зегьы рганахьала ииашоу, иҵабыргу аинформациа аларҵәара;

– акандидатцәа рыхьӡ лазырҟәуа, русуратә репутациа ҵызшәаауа аинформациа аламырҵәара, амилаҭтәи адинхаҵаратәи азымчҳара цәырызго апубликациақәа рҭыжьра амлыршара;

– атәылауаа зегьы ралхратә зинқәа рынагӡаразы алшара роуртә еиԥш апрофессионалла, обиективла, инагӡаны алхратә кампаниа аетап хадақәа рзы адырраҭарақәа рыҟаҵара;

– агитациатә публикациақәеи аинформациатә дырраҭарақәеи  реиҟәыҭхара.

*** Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатрахь акандидатцәа ралхрақәа инарымаданы Ааԥхьара ҟанаҵеит.

Ҳаҭыр зқәу ажурналистцәа, амассатә информациа ахархәагақәа рнапхгаҩцәа!

Ҳтәылаҿы акрызҵазкуа аполитикатә процесс мҩаԥысуеит – Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ралхратә кампаниа. Алхратә кампаниа аетап хадақәа иреиуоуп амассатә информациа ахархәагақәа рҿы агитациа амҩаԥгара. Адепутатрахь акандидатцәа рыпрограммақәа рыкәша-мыкәа алхранӡатәи адебатқәа иааизакны амассатә информациа ахархәагақәа рҿы агитациатә аамҭахәҭа  рымҩаԥысра аиҳарак ала иадҳәалоуп зегьы раԥхьаӡа иргыланы иааиуа хәышықәса ирылагӡаны ҳҳәынҭқарра иҭышәынтәалоу аҿиара знапы ианыло, азакәанԥҵарала ихацыркыз аполитикатә реформақәа рыцҵара алзыршаша, ҳаԥхьаҟа ишьақәгылараны иҟоу Апарламент хаҭалатәи аилазаара зеишрахо.    

Ажурналистцәа Реидгыла амассатә информациа ахархәагақәа рредакциақәеи ажурналистцәеи  русура иҟоу алхратә закәанԥҵареи амассатә информациа ахархәагақәа рзы Азакәани инарықәыршәаны анагӡареи, азанааҭтә етика анормақәа рықәныҟәареи,  алхрақәа рзы адырраҭарақәа  рыҟаҵараан абарҭ апринципқәа ҳасаб азуреи рзы ааԥхьара ҟанаҵеит:

– Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатрахь акандидатцәа зегьы рполитикатә гәаангарақәа ирыдҳәаламкәа еиԥшу аинформациатә лшарақәа рыҭара; 

– алхратә тематика иазку аматериалқәа зегьы аобиективреи аиашареи аныԥшуа аҟаҵара, ганкы мацара иадымгыло, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатрахь акандидатцәа зегьы рганахьала ииашоу, иҵабыргу аинформациа аларҵәара;

– акандидатцәа рыхьӡ лазырҟәуа, русуратә репутациа ҵызшәаауа аинформациа аламырҵәара, амилаҭтәи адинхаҵаратәи азымчҳара цәырызго апубликациақәа рҭыжьра амлыршара;

– атәылауаа зегьы ралхратә зинқәа рынагӡаразы алшара роуртә еиԥш апрофессионалла, обиективла, инагӡаны алхратә кампаниа аетап хадақәа рзы адырраҭарақәа рыҟаҵара;

– агитациатә публикациақәеи аинформациатә дырраҭарақәеи  реиҟәыҭхара.  

Шәара алхранӡатәи акампаниа амҩаԥысраан иаашәырԥшуа аобиективреи ганкы мацара адымгылареи, аиаша аарԥшреи алхыҩцәа хәажәкырамза  12, 2022 шықәса рзы имҩаԥысраны иҟоу  алхрақәа раан ргәаанагара аарԥшреи, атәыла азы акәзар хра злоу Апарламент аиуреи акыр иацхраауеит.

Руслан Ҳашыг,  Аԥсны ажурналистцәа Реидкыла ахантәаҩы.

  1. 02. 2022ш.

 

Last modified on Аԥшьаша, 10 Жәабран 2022 19:27