Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖАНИЯ: АԤСНЫ АИҨЫЗАРАТӘ, АУСЕИЦУРАТӘ ЕИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА РЫШЬАҚӘЫРГЫЛАРАЗЫ, ИАРА АПОЗИЦИА ҲАҬЫР АҚӘЫЗҴО АҲӘЫНҬҚАРРАҚӘА ЗЕГЬЫ РҾАԤХЬА ИААРТУП.

Ахаша, 09 Жәабран 2022 20:18 141

Аҟәа. Жәабранмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа онлаин аформат ала Италиа Апарламент адепутат ипресс-конференциа иалахәыз рыхьӡала ашәҟәы дәықәиҵеит.

«Ҳаҭыр зқәу Апарламент адепутатцәа!

Ҳаҭыр зқәу аконференциа иалахәу зегьы! Абзиара шәықәзааит ҳәа шәасҳәоит Аԥсны жәлар рыхьӡала!

Аконференциа атема иалышәхыз, иара аконференциа ахаҭа Италиатәи Апарламент аҿы иахьымҩаԥысуа, Аԥсны Аҳәынҭқарразы даара акраҵанакуеит.

Аԥсны ҳәынҭқарраны иҟалеижьҭеи акыр шәышықәса ҵуеит. Уи иамоуп аҳәынҭқарратә атрибутқәа зегьы. Ҳажәлар Қырҭтәыла ашовинисттә политика ауадаҩрақәа зегьы риааира рылшеит.

1992 шықәса нанҳәамза 14 рзы ақырҭуа ар ҳреспублика иақәлеит. Иага уадаҩра ҳҭагылазаргьы, ҳажәлар иаадырԥшыз афырхаҵареи Нхыҵ-Кавказтәи ҳашьцәеи (ҳаиашьаратә республикақәеи атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы инхо ҳдиаспореи) рыцхыраара абзоурала аиааира ҳгеит. Аҭынч ԥсҭазаареи ахьыԥшымреи рзы иҳауит азин.

Аԥсуа жәлар риааирала ихыркәшаз аибашьра, аекономика аганахь ала ааха ӷәӷәа анаҭеит. Ҳтәыла аекономикатә блокада иҭакын. Аибашьра ашьҭахь ҳамчқәа зегьы ҳтәыла аекономика аиҭашьақәыргылареи аҳәынҭқарратә институтқәа рырӷәӷәареи ирызкын. Иҳадаҳкылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа. Имҩаԥган ареферендум. Аԥсны жәлар реиҳараҩык рыбжьы рҭиит исуверентәу, идемократиатәу, азинтә ҳәынҭқарра ашьақәыргыларазы. Ҳнапы аҵаҳҩит «Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы Акт».

Аԥсназы акрызҵазкуа ҭоурыхтә хҭыс дуны иҟалеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра ахьазханаҵаз. Убри нахыс егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ҳареи акымкәа адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ҳабжьалеит. Урҭ рхыԥхьаӡара есааира ацлара иаҿуп.

Ҳара иаҳдыруеит, инарҭбаау жәларбжьаратәи азхаҵара – иуадаҩу, аамҭа зҭаху процессуп.

Аԥсны, аиҩызаратә аусеицуратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы, иара апозициа ҳаҭыр ақәызҵо аҳәынҭқаррақәа зегьы рҿаԥхьа иаартуп.

Гәахәара дууп ҳара ҳзы ҳаԥсадгьыл збарц, уи акультура еилызкаарц зҭаху Италиа атәылауаа рхыԥхьаӡара иахьацло, Аԥсни Италиеи рықалақьқәа аимадарақәа ахьрыбжьарҵо. Ишдыру еиԥш, ҳажәларқәа жәытә-натә аахысгьы еидызкылоз рацәан, иӷәӷәан ҭоурыхла реимадарақәа.

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Сара, мҩашьарада, издыруеит абри аконференциа конструктивла ишымҩаԥысуа. Аԥсни Италиеи рыжәларқәа реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара шьаҭас ишаиуа.

Ишәзеиӷьасшьоит шәусураҿы ақәҿиарақәа!».

 

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 10 Жәабран 2022 12:54