Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АМИЛАҬТӘ БАНК АГӘАЛАРШӘАГАТӘ ԤАРАҾЫРПҚӘА «АԤСНЫТӘИ АԤАРԤАЛЫКЬҚӘА» АХАРХӘАРАХЬ ИҬНАЖЬИТ.

Ахаша, 09 Жәабран 2022 13:04 132

Аҟәа. Жәабранмза 9, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Банк «Аԥснытәи аԥарԥалыкьқәа» ҳәа хыс иаманы зыхә цәгьам аметаллқәа ирылху агәаларшәагатә ԥараҿырпқәа хәба ахархәаразы иҭнажьит.

Аԥараҿырпыцыԥхьаӡа ртираж  - 500 цыра рҟынӡа инаӡоит, излыху аматериал- неизильбер ҳәа изышьҭоу абҩеи  аникели реиларҭәа ауп. Асахьаҭыхҩы: Баҭал Џьапуа.  

Аԥараҿырпқәа зегьы армаратәи рган аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра агерб акәалџьысахьа ануп, арыӷьарахьшәа, аԥарԥалыкь ақәыԥшылараҿы аԥараҿырпы аноминалтә хәԥса «3 ԥсарк» анԥыҟҟалоуп. Ҵаҟа аԥсуа бызшәала «Аԥсны Абанк» ҳәа  аҩыра ануп, иара убас  азаҷра аныҟаҵаз «2021 ш.».  Аҩыра арымарахьала аԥараҿыпыҟаҵарҭа адырга ҷыда – ММД анԥыҟҟалоуп.

Last modified on Аԥшьаша, 10 Жәабран 2022 01:04