Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЖӘАБРАНМЗА 8 РЗЫ АЛХРАТӘ КОМИССИА ХАДА АԤШЬГАРАТӘ ГӘЫԤҚӘА ҨБА РЫШӘҞӘҬАГАЛАРА МҨАԤНАГЕИТ.

Аҩаша, 08 Жәабран 2022 17:48 123

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 8 рзы Аԥсны Алхратә Комиссиа Хада Апарламент адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба рышәҟәҭагалара мҩаԥыргеит.   

Ҵәыџьба Гәында Родик-иԥҳа – алхратә ҭыԥхада № 32  ала (Очамчыратәи)

Џьыкырба Шабаҭ Ирод-иԥа – алхратә ҭыԥхада № 9 ала (Мрагыларатәи).

Зынӡа ажьырныҳәамза 21 инаркны жәабранмза  8 аҟынӡа ашәҟәы иҭагалахеит  118 аԥшьгаратә гәыԥи хә-политикатә партиаки.

Жәабранмза 8 рзы иҟоу адыррақәа рыла, ашәҟәы иҭагалоу аполитикатә партиақәа хәба рҟынтәи ԥшьба ркандидатцәа ықәдыргылеит:  Жәлар рпартиеи «Аиашареи аҿиареи рзы Жәлар рыфронт» - кандидатк-кандидатк ықәдыргылеит,  Аԥсны аекономикатә ҿиара Апартиа – ҩыџьа акандидатцәа,  «Амцахара»- жә-ҩык акандидатцәа.

Адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара азы азин рымоуп Аԥсны аиустициа Аминистрра аҿы ашәҟәы иҭагалоу  аполитикатә партиақәеи алхыҩцәа ргәыԥқәеи. Уи иҟоу Апарламент аилазаара азинмчы анҵәара хәымз шыбжьоу имҩаԥысыроуп.     

Адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара хыркәшахоит жәабранмза 10 рзы.

Апарламенттә алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкырамза   12, 2022 шықәса рзы. 

 

Last modified on Ахаша, 09 Жәабран 2022 20:32